Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭаркьылԥҳа апроект "Агәалашәаратә мҩаду" азы: ашколқәа гәаҳәарыла ирыдыркылеит

Ҭаркьылԥҳа апроект "Агәалашәаратә мҩаду" азы: гәаҳәарыла ирыдыркылеит ашколқәа
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахакәиҭтәра амши Аԥсны Аиааира амшныҳәеи разгәаҭаразы аҳтнықалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчакәеи рҿы имҩаԥысуа агәалашәаратә уснагӡатәқәа шеиҿкаау атәы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Аҟәа ақалакь ахадара аҵараусбарҭа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәреи Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшқәа инарыдҳәаланы агәалашәаратә акциа мҩаԥнагоит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи алархәны еиҿкаауп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, аԥсадгьыл абзиабареи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агареи ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа изызҳауа абиԥара рызнагаразы.
"Аҵараусҳәарҭа иаҵанакуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы хаҭала инарҵауланы иазнеиуеит ихадоу аныҳәа -Аиааира амш. Классцыԥхьаӡа, гәыԥцыԥхьаӡа имҩаԥыргоит акласстә сааҭқәа, иаарту азыҟаҵарақәа, аныҳәатә цәаҳәақәа, аветеранцәа рԥылара. Иара убас ақалақь аҩнуҵҟа сынтәа ҿыц иалаҳгалеит акциа "Агәалашәаратә мҩаду". Ақалақь ахақәиҭҭәра амш инадҳәаланы ашколхәыҷқәа ахцәажәоит амҩадуқәа зыхьӡ рыхҵоу афырхацәа рнысымҩа. Ашколқәа зегьы ирымоуп алшара мҩадук, фырхаҵак иҭоурых аарԥшра. Даараӡа уи гәаҳәарыла ирыдыркылеит ҳашколқәа, аҵаҩцәа. Сгәы иаанагоит ахәыҷы ииҵаз ихаҿы иаанхоит. Ари апатриотизм иадҳәалоуп, ганрацәала ахәыҷы дааӡоит", - ҳәа лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.
Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа иахьа иаҭааит, аибашьра аветеранцәа ргәабзиара ахьышьақәдыргыло, Гагра иҟоу ареабилитациатә центр, ҳәа адырра ҟалҵеит Аҟәа ақалакь ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы.
Ҭаркьылԥҳа убасгьы еиҭалҳәеит Аиаара амш азы иазгәаҭоу егьырҭ ауснагӡатәқәа ртәы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0