Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Еныкьԥҳа ахәыҷқәа ишәарҭоу ахәмаррақәа ралагалара ашәарҭара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Еныкьԥҳа ахәыҷқәа ишәарҭоу ахәмаррақәа
Анапаҵаҩра
Лӡаатәи ашкол адиректор Мимоза Еныкьԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ахәыҷқәа еиуеиԥшым ахәмаррақәа ралагаларазы иҟоу ашәарҭара атәы, урҭ рацәыхьчаразы арҵаҩцәа имҩаԥырго аусура атәы.
"Арыцҳара зыцрасыз ҳраион ауп. Ари зцәа иҭанамарӡыӡыз Аԥсны аӡәы дыҟоуп ҳәа сыҟам. Аҳтыс аныҟала адырҩаҽны аизарақәа мҩаԥаҳгеит аҭаацәа алархәны. Аклассқәа рнапхгаҩцәа ахәыҷқәа рҽарзааигәатәны ирацәажәарцаз ахәмарра аӡәыр инапы аликзар аилкааразы. Урҭ ахәмарра ахьынӡашәарҭоу деилыркаан, убри аан имыршәаӡакәа. Сара излагәасҭаз ала, ари ахәмарра макьана зыхшыҩ мшәыц рзоуп изшәарҭоу. Аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу ирызрыдкылаӡом ас еиԥш иҟоу ахәмарра", - лҳәеит Еныкьԥҳа.
Ашкол адиректор лгәанагарала ахәыҷқәа аҭелқәа зынӡа ирымхтәуп, аҭаацәарагьы ргәырҽынҵоуп, ахылаԥшра ӷәӷәа рырҭарцаз.
"Ари арыцҳара даара иуадаҩуп ашьҭыхра, аха ҳаԥхьаҟа иҟамларцаз агәҽанызаара аҭахуп. Аԥыхьа агәҭынчра ыҟазҭгьы иахьа агәҭынчымра иаҳа еиҳауп", - ҳәа азгәалҭеит Еныкьԥҳа.
Арҵаҩцәа аҭел аҟынтә ироуа аинформациа ибзиоу ибзиами ҳәа еилдыргартә еиԥш ашколхәыҷқәа аус шрыдыруло атәы еиҭалҳәеит.
"Ишыржьо, азҵаарақәа ак аҵкыс ак ируадаҩны ишаарышьҭуа атәы рхы иҭагаланы ираҳҳәоит. Сгәы иаанагоит, адырра иҳамоу ҳхы иархәаны ахәыҷқәа рызнагашьа ҳақәшәеит ҳәа, уажәшьҭа даргьы рҽеиқәкны ианааланы иазааины иҟоуп. Аҭелқәагьы уи аҟара иашьҭамшәа збоит", - лҳәеит Еныкьԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0