00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳаразиа аибашьра ашәарҭара аҿагылара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳаразиа аибашьра ашәарҭара аҿагылара иазкны
Анапаҵаҩра
Ар рматериал-техникатә ҭагылазаашьа, ашәарҭара аҿагыларазы алшарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылцәажәеит Жәлар реизара адепутат, аибашьра аветеран Адгәыр Ҳаразиа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 22 рзы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Уи аихшьалақәа рыла Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов зхадараҿы дҟало аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аилазааразы ажәадгалақәа азырхиазарц.
Аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵахоит ар рматериал-техникатә, рфинанстә, рмедицинатә еиқәыршәара аиӷьтәразы абжьгарақәа аус рыдуларазы; аҳақьым-наԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкааразы; арратә мчқәеи арезерви реинырразы; анхарҭа-казарматә фонд арҽеирақәеи егьырҭ азҵаарақәа рыӡбареи рзы.
Аԥсны АҶА аиҳабы инапы ианҵоуп араионқәеи ақалақьқәеи рнапхгаҩцәа ирнырны аграждантә хыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы иҭаргаларц.
"Сгәаанагарала, уи агәрагьы згоит ҩба-хԥа шықәса рыҩнуҵаҟа ишәарҭоу Аԥсны акгьы шыҟамло. Ҳара ҳзы даара ишәарҭоуп Урыстәыла економикала иԥсыҽхар, ус еиԥш иҟалар ауеит хәышықәса - жәашықәса рыҩнуҵаҟа. Уи ҟалаанӡа Аԥсны ашәарҭара ыҟаӡам, аха ҳара ҳахиазароуп есымша. Адунеи аҟны еицырдыруа ԥҟароуп - аҳәынҭқарразы ҩызас иҟоу арбџьарымчқәа роуп. Ҳара есымша ҳазхиазароуп Аԥсны ахьчара. Иахьагьы изҳәо ыҟоуп "ак ҟалар, ҳхы ҳзыхьчом, акгьы ҳалшом" ҳәа. Сара рыгәра згоит аҿар. Исгәалашәоит, Гелаев Аԥсны данааи (2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхааҟны Аԥсны аруааи арезерв аибашьцәеи атеррористцәа ирҿагыланы имҩаԥыргаз аоперациаан, Руслан Гелаев напхгара ззиуаз ақырҭуеи ачечен еибашьцәеи ықәцан –ред.), сахьыҟаз архәҭаҟны инеит Москвантәи 60-ҩык рҟынӡа аԥсуаа рыҷкәынцәа, уа ииз уа иааӡаз. Иааны ҳара иҳацеибашьуан. Генетикала ҳажәлар ахыхьчара рылоуп, избанзар жәытә-натә аахыс ҳадгьыл зҭахымыз аӡәгьы дыҟаӡам. Технологиала ҳаԥсыҽуп еилкаауп, аха аибашьраан зегь раԥхьа игылоу ауаҩы ифактор ауп", - ҳәа иԥхьаӡоит Ҳаразиа.
Адепутат иазгәеиҭеит арбџьарымчқәа рматериал-техникатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы Жәлар реизара ишыруалу урҭ абиуџьет аҟны ирзыԥҵәоу аԥара аиҭахәаԥшра ҳәа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0