Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолариа IX Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷолариа "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" IX арт-фестиваль иазкны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит IX Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа". Абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит афестиваль аҿы еиҳарак азҿлымҳара змаз ахырхарҭақәеи уи иаднаԥхьалаз аҿари рыӡбахә.
IX Жәларбжьаратәи аҿартә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" сынтәа еицырдыруа аԥсуа романист Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра иазкуп.
Борис Ҷолариа арадиоефир аҿы иҳәеит афестиваль аҿы алитературатә ҟәша еиҳараӡак азҿлымҳара шамаз.
"Арҵаҩцәа ашколқәа рҟынтә ирыман иааит рхәыҷқәа. Анхәа, Мықә, Ҭхьына, Цандрыԥшь уҳәа ақыҭақәа рҟнытә. Дара ҿырҳәала, ҟазарыла иаԥхьон аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рцәаҳәақәа, Иван Папасқьыр ироман аҟынтә ацыԥҵәахақәа ықәдыргылон. "Акаруал шәақь" шаҳдырбаз - џьашьахәуп. Ҳара ҳзы иныҳәан ари афестиваль. Аха иҵегьы хырхарҭа рацәала имҩаԥыслар ҳҭахуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолариа.
Амилаҭтә библиотека аиҳабы иара убасгьы иҳәеит асценаҿы иқәгылаз еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа рхы бзианы ишаадырԥшыз, иара убасгьы ашкол-лабораториа STEM аусзуҩцәа ирыбзоураны ахәыҷқәа рзы ишеиҿкааз аинтерес зҵаз ацәыргақәҵақәа, ахәыҷқәа рхаҭақәа еиуеиԥшым аҭҵааратә усурақәа ирылахәхар ахьалшоз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0