Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Аҟәа ахақәиҭтәра амш аоператор иблала

Афырхацәа рымҩала: Ломиа Аҟәа ахақәиҭтәра амш аоператор иблала
Анапаҵаҩра
Агәымшәаразы амедал занашьоу, аоператор Мизан Ломиа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит, аибашьра ацәҳәа аҟынтәи раԥхьатәи икадрқәа ртәы, еиҭеиҳәеит аҭыхшьа шыиҵоз, иҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҟынтә акгьы зигәаламшәо.
Мизан Ломиа Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура далагеит 1985 шықәса рзы, аха аоператорк иаҳасабала акамера раԥхьаӡа акәны инапаҟны икит аибашьра ацәаҳәаҿы.
Иара Гагра ҭадырцәаанӡа Бзыԥ дыҟан, анаҩс ауп Гәдоуҭа ателехәаԥшрахьы даннеи.
"Аибашьраҿы уаҳа снапы злазкша сыздыруамызт, абџьар ахаан исымкыцызт. Акадрқәа ирыбзоураны ҳаибашьра атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынӡа анагара сылшап ҳәа сазхәыцуан. Ак анҭухуа сценариак умоуп, ара иҟало уздырӡом, зыгьынџьара унаԥшы-ааԥшыроуп. Зегьы убароуп, ак уцәымцароуп. Ахәылбыҽха астудиахь уанааилак ак дурбон, ак аанужьыр акәын архив азы. Аԥышәа ҳәа акгьы сымаӡамызт. Урыстәылантәи иаауаз ажурналистцәа иҭырхуаз акадрқәа срыхәаԥшны акәын ишысҵоз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ломиа.
Мизан игәалаиршәеит аҵыхәтәантәи ажәылара амш. Усҟан аҭыхратә гәыԥ Ешыра ианааи аҷкәынцәа зегьы цахьан.
"Сентиабртәи ажәылараз ҩыџьа аоператорцәа ҵаҟа Ешыра ҳаиқәшәеит. Ус иҟамлаӡацызт уаанӡа. Уи Гарри Арсҭаа иакәын. "Аибашьра цонаҵы уара уҭарымхыцт саргьы сҭырымхыцт, уааи ҳара ҳара ус еиԥш иҟаҳҵап" ҳәа алаф ааибаҳҳәеит. Аӡы иртәын. Емма Хәаџьааԥҳа лакәын журналистс исыцыз, дҳамгарцт ҳалагеит, аха илымуит. Сентиабр шакәызгьы Гәымсҭа аӡы хьшәашәан. Аӡӷаб аӡы дырны дахьцоз убысҟак аҷкәынцәа ргәы шьҭанахит, иахьагьы ианысгәалашәо схәы-сжьы еилагылоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ломиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0