https://sputnik-abkhazia.info/20220927/arynbei-lavrovi--tylauarak-aiura-azaaraa-rzy-aishaara-rnapy-aariit-1041752263.html
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц. 27.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-27T17:33+0300
2022-09-27T17:33+0300
2022-09-27T19:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
инал арӡынба
сергеи лавров
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1b/1041751556_0:157:1280:877_1920x0_80_0_0_0951c9327e572575db2aa2d30e8c2406.jpg
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.Аиԥылараҟны Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра асувернитет арӷәӷәара ишацхраауа, иара убас иҭабуп ахиҳәааит Украина имҩаԥысуа азҵаарақәа рзы Аԥснытәи апозициаз.Уаанӡа Инал Арӡынба иҳәахьан, Урыстәыла атәылауаа аԥснытәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы арыҭара шазгәаҭам.Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит.Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1b/1041751556_0:37:1280:997_1920x0_80_0_0_12691ccf2db751fd5e7e3bf07d2ece8b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, инал арӡынба , сергеи лавров
ажәабжьқәа, инал арӡынба , сергеи лавров
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
17:33 27.09.2022 (ирҿыцуп: 19:20 27.09.2022) Цәыббра 9 рзы Владимир Путин Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩрак рхархәараз Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩызарц.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
"Хара имгакәан урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭаразы амеханизм аусура иалагоит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Аиԥылараҟны Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра асувернитет арӷәӷәара ишацхраауа, иара убас иҭабуп ахиҳәааит Украина имҩаԥысуа азҵаарақәа рзы Аԥснытәи апозициаз.
Уаанӡа Инал Арӡынба иҳәахьан, Урыстәыла атәылауаа аԥснытәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы арыҭара шазгәаҭам.
Урыстәыла Аԥсны асуверенитет аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак роураз аиқәшаҳаҭра ахьыҟамыз иахҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа ирмарианы рыҭара аанкылахеит.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26, 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ирмарианы рыҭара аанкылан 2008 шықәсазы, Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵаха ашьҭахь. Асеиԥш Урыстәылеи Таџьикисҭани Туркменисҭани роуп Аиқәшаҳаҭра зыбжьоу.