Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бараҭелиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҿы ашәарҭадара аԥҵаразы иҟарҵо атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бараҭелиа араион аҿы ашәарҭадара аԥҵара иазкны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада Беслан Бараҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионқәеи ақалақьқәеи рнапхгаҩцәа алархәны атәыла ахада имҩаԥигаз аиԥылараҿы иззаҭгылаз, насгьы анаҩс ашәарҭадара аганахьала араион аҿы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иазкыз аилацәажәара мҩаԥигеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны, абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
Аилацәажәараҿы рыӡбахә ҳәан иахьатәи аамҭазы шәарҭарақәас иҟоу, урҭ ианаамҭоу рҭакҟаҵаразы шьаҿақәас иаҭаху.
"Арра аганахьала еиҿкааны иҳамоу, анаҩс еиҭа аус зыдулатәу атәы еибаҳҳәеит аиԥылараҿы. Араион ахада инапынҵалоуп арратә ҽазыҟаҵаразы адҵа шыҟарҵо аҟынтә еилкааны иҳамоуп Гәылрыԥшь иҳамоу абригада аҟынтә абџьар зкыр зылшо, гәыԥҩык иахьагьы абџьар рнапаҟны ирымоуп. ААмҭа мгакәан абџьар зкыр зылшои излымшои аилыргаразы адҵа ҳамоуп. Иара убас абжәараҽацәахьчаратә ҭыԥқәа иҟоу гәаҭатәуп, урҭ еиҭашьақәыргылатәуп", - ҳәа иҳәеит Бараҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0