Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаша Ашәба Урыстәыла имҩаԥысуа амобилизациа иаҵанамкуа Аԥсны атәылауаа ртәы иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лаша Ашуба
Лаша Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин цәыббра 21 азы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылеиҳәеит. Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа рыла аҽеизакра иаҵанакуеит 300 нызқьҩык арезервистцәа.
АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik. Аԥсны атәылауаа ҩ-тәылауаҩрак змоуи Аԥсны арратә шәҟәҭагалара змоуи, Урыстәыла ирыланаҳәаз амобилизациа иаҵанакӡом ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба цәыббра 26 рзы Аԥсуа телехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу аҟны.
Ашәба иазгәеиҭеит ус шакәугьы Аԥсны аганахь ишзымгыло.
Иазгәеиҭеит имаҷымкәа ареспублика ауааԥсыра хатәгәаԥхарала Донбасс ахьчараз ишгылаз, Аԥсны аамҭа-аамҭала Донецки Лугански агуманитартә цхыраара шырнаҭо.
"Ҳара ԥхьаҟагьы ари аус иацаҳҵалоит, Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара аҳҭалоит", - иҳәеит иара.
Убри аан, Аԥсны анапхгареи ажәлари рҿаԥхьа иус хаданы иқәгылоуп атәыла мрагыларатәи аҳәаа азҵаара. Иара игәаанагарала Қырҭтәыла "аҩбатәи афронт" аанартыр алшоит ҳәа ирыладырҵәо ажәабжьқәа аиҳарак аполитикатә ҟазшьа амоуп.
Гарри Купалба - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2022
Аԥсны
Ареферендум ҟалаӡом: аексперт Қырҭтәыла амчрақәа иҟарҵар рылшо атәы далацәажәеит
"Аҽа ганакахь ала Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьа лассы-лассы аҽеиҭанакуеит. Аҽшаԥсахуа ҳаздырам. Убри аан Қырҭтәыла амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра иазыхиам, бџьарла аҽеибанаҭоит, НАТО ахаҭарнакцәа алархәны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Ари зегьы ҳара ҳзы еснагь актуалра аҵазароуп". - ҳәа иҳәеит иара.
Ашәба иажәақәа арыла адунеи аҿы иҟоу аибарххара аԥсуа уаажәларратә еилазаара рыҩнуҵҟа ашәарҭара ҵаҵӷәыс иазыҟамзароуп, аҳәынҭқарра иамазароуп алшара Урыстәыла "астратегиатә партниор ажәҩахыр адҵара".
Ажәабжьқәа зегьы
0