Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара иаиааиз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Foto / Mostafa BassimШтурм Капитолия
Штурм Капитолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Анапаҵаҩра
Сынтәа аиндаҭлара иалахәын 14 тәыла рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа, Иран, Китаи, Италиа, Испаниа, Бангладеш, Филиппин, ЕАА уҳәа.
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" арратә корреспондент Андреи Стенин игәалашәараз есышықәса имҩаԥысуа афоторепортиорцәа ҿарацәа реицлабра иаиааиз рыхьӡқәа рыларҳәеит Москва.
Аиндаҭлацәа русумҭақәа иаадырԥшуеит адунеи ганрацәала, ҳаамҭаз иактуалтәу атемақәа – ауаҩи аԥсабареи реиҿагылара, амилаҭеилазаара, атрадициақәа, аполитикатәии адинтәии еиҿагыларақәа.
"Афотосахьа ахархәарала аҭоурыхқәа еиҭаҳәо аицлабра аиааиҩцәа ирылшоит иҟоу аҭагылазаашьа инахырҳәҳәаны, анҭыҵ иҟоу абара", - ҳәа лҳәеит аицлабра ахылаԥшҩы Оксана Олеиник.
Аԥхьахә хада, Гран-при сынтәа аӡәгьы ирымҭеит. Номинациа цыԥхьаӡа ахатә иааиҩы даман.
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" афотокорреспондент Андреи Стенин ажурналистикахь раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит репортиорк иаҳасабала. Анаҩс ԥшьала диасуеит афотожурналистикахь. Стенин дҭахеит Украина, 2014 шықәсазы.
2010 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Украина, Сириа, Ливан, Египет, Ҭырқәтәыла, Ливиа, Кыргызсҭан уҳәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Андреи Стенин афотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра.
Участники акций в поддержку евроинтеграции Украины на улице Грушевского в Киеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2022
Ишәарҭоу аусура: аибашьра Андреи Стенин иблала
Ажәабжьқәа зегьы
0