Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аҿар аибашьра аҭоурых дырдырра иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: аҿар аибашьра аҭоурых дырдырра иазкны
Анапаҵаҩра
Иахьа еиҵагыло аҿар иабанӡардыруа рхатәы ҭоурых, иабанӡазҿлымҳау аибашьра атема, абри атемала арадио Sputnik аефир аҿы имҩаԥган аиҿцәажәара. Астудиа иасасцәан Аҟәатәи 15-тәи абжьаратә школ арҵаҩы Индира Ачԥҳа, ари ашкол аушьҭымҭа Саид Акаба, аҵаҩы Валериа Латариаԥҳа.
Аҟәатәи 15-тәи ашкол аклассқәа руак ихьыӡ ахуп Аԥсны Афырхаҵа, агәыԥ Шьараҭын акомандирцәа ируаӡәкыз Даур Акаба. Есышықәса аҵаҩцәеи урҭ рнапхгаҩцәеи Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу ибаҟаҿы аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит. Индира Ачԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит лара напхгаҩыс дызмоу акласс Даур Акаба ихьӡ ахҵара шыҟалаз атәы.
"Ашкол аҟны аҵаҩцәа есымша ирызнаҳгоит аибашьра аҭоурых, аибашьцәа ргәымшәара атәы, уи акласстә сааҭ мацара аан акәӡам, иара усгьы. Аха сгәаанагарала аибашьцәа рбаҟақәа агәыгәҭыжьра аиҳабацәа иахьҳхароугьы ыҟоуп. Аҭыԥ аҿы имҩаԥгалатәуп аиԥыларақәа. Ашколқәа рхы иадырҵар бзиан ус. Лабҿаба аҿар ианырбалак иаҳа гәыблыла иазнеиуеит. Аиҳабацәагьы ахәыҷкәа радыԥхьалара аганахьала еиҳа еиҳаны аус ҳаулароуп", - ҳәа азгәалҭеит Ачԥҳа.
Арҵаҩы лажәақәа рыла аҿар азҿлымҳауп аибашьра атема, азҵарақәа рызцәырнагоит. Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы аҭоурых бзианы ирзеиҭарҳәоит, уи нахыс ашкол аҿы ироуа аинформациа иханарҭәаауеит ҳәа лҳәеит Ачԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0