Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз Аиааира Амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация Президента РА
Администрация Президента РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, урҭ рҟынтәи 299-ҩык ҭахеит.
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира Амш 29-шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа идикылеит.
"Ишәыдысныҳәалар сҭахуп зегь еицаҳзеиԥшу аныҳәамш, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи агәамчи. Ҳиааира арааигәараз шәлагала ду ахәшьара уадаҩуп. Уи ҳара пату ақәаҳҵоит. Ҳгәы шәыладууп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаизыҟазаашьақәа ԥхьаҟа еиҳагьы ишыӷәӷәахо", - иҳәеит атәыла ахада.
Аиԥылараан ирылацәажәан аԥснытәи атәылауаҩра, аамҭалатәи ашәҟәҭагалара, хатәгәаԥхарала еибашьуаз тәанчахәыла реиқәыршәара, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҿы Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәа раартра уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
413 мши ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны аиааирала.
Ажәабжьқәа зегьы
0