00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гамсаниаԥҳа Лукашенко Аԥсныҟа иааразы: ҳаҩаӡара иаҳа иҳаркхеит

Гамсаниаԥҳа Лукашенко Аԥсныҟа иааразы: ҳаҩаӡара иаҳа иҳаркхеит
Анапаҵаҩра
Аполитолог Емма Гамсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы Беларуссиа ахада Александр Лукашенко Аԥсныҟа иаара ахҭыс ахҳәаа алҭеит.
Аԥсны ахада иԥылараан Беларуссиа ахада иҳәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аусура ахацыркра гәҭакны ишимоу. Александр Лукашенко иажәақәа рыла Аԥсныҟа иаара Урыстәыла ахадеи иареи реицәажәара ишалҵшәоу, адунеитә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.
Ас еиԥш аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реиԥылара акырӡа зҵазкуа хҭысуп ҳәа лҳәеит Гамсаниаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Адунеи аҿы арратә мчқәа анеилашуа, аԥышәа аимадара, иахьынӡалшо ацхырааратә мҩақәа рылгара уҳәа ганрацәала азҵаарақәа разхәыцра иаламцәажәар ҟалаӡом, избанзар еидгылоу Мрагыларатәи аинтеграциаҿы ҳара ҳалахуп, убри аҟнытә агәаанагара сымоуп ҳусеицура арӷәӷәоит ҳәа", - лҳәеит аполитолог.
Лукашенко ари аҩыза ашьаҿа ахьыҟаиҵаз ҳаҩаӡара иаҳа иҳаркхеит, ҳәарада, ҳәа азгәалҭоит Гамсаниаԥҳа.
"Адунеи аҿы убас еиҭасны иҟоуп аҭагылазаашьа, даҽа аамҭак иаҳа иҭышәынтәаланы ианыҟаз акәызҭгьы, Лукашенко дмааргьы ҟалон, дхьаԥш-кәаԥшуа даныҟаз аамҭақәагьы ыҟан. Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿагылараҿы иара диԥшаауеит зыҟны аус ииуша, дзыдгылаша", - лҳәеит Гамсаниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0