https://sputnik-abkhazia.info/20220930/aa-imaysuaz-aparad-ialakhyn-600-yk--1041818522.html
Аиааира апарад 600-ҩык алахәын
Аиааира апарад 600-ҩык алахәын
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәарҭоит. 30.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-30T13:31+0300
2022-09-30T13:31+0300
2022-09-30T13:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1e/1041816960_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_e791e4091fb091554aa6266f1ae0e856.jpg
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Цәыббра 30- Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа, зынӡа иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
https://sputnik-abkhazia.info/20220930/zhlar-rnya-khada-asny-aiaairei-akhyshymrei-29-shysa-akhyit-1041800528.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1e/1041816960_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_149473f8e93457986540b1fb2d331e64.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аиааира апарад 600-ҩык алахәын
13:31 30.09.2022 (ирҿыцуп: 13:32 30.09.2022) Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәарҭоит.
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Цәыббра 30- Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа, зынӡа иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.

Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.