Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба: Аиааира амш ааигәахо иаланалагалак сҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит

Амҷба: Аиааира амш ааигәахо иаланалагалак сҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, аамҭаказы агәыԥ "Шьараҭын" напхгара азызуаз Рауль Амҷба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит Аҟәатәи ашьха агаразы ицоз ажәыларақәа ртәы, иахьа аҭынчра аамҭазы уахь инеины рҩызцәа шыргәаладыршәо, аибашьра аҭоурых агәаларшәара ҵакыс иамоу иахьа изызҳауа аҿар рзы.
Ҳбаталион "Шьараҭын" алахәылацәа зегьы Аҟәатәи ашьхаҿы аҭарцәара атәы еиҭеиҳәеит. Астратегцәагьы аиҳабыреи ирҳәон уи хадара зуаз ҭыԥны ишыҟаз.
"Аҟәа ахы ианақәиҭтәха знык, аиааира шаҳгоз ззымдыруаз дыҟаӡамызт, аха аԥсҭбарақәа ракәын зегьы ҳзыцәшәоз. Уи амаҷхара акәын зегьы зхылаԥшуаз, аха аԥсҭбарақәа ыҟан амза 30 рзгьы. Схаҭа архивқәа аус рыдулара саҿуп, ажәлар рзы, аҭоурых азы, еиҵагыло абиԥара азы. Аиааира зхы ақәызҵаз ӡыргатәуп. Иахьатәи асиақәа санрыхәаԥшуа, "Шьараҭын" агәыԥ иаҳа сазаигәоуп аҟнытә исҳәоит - 350 -ҩык рҟынӡа ауааԥсыра алсит. Иҟан аротақәа ҩба. Шамахамзар, очамчыраа рхылҵшьҭра акәын, 22-ы иҭахаз урҭ иреиуоуп, 23-ҩык рҟынӡа ҟабардаа рхылҵшьҭрақәа роуп. Ари даара сгәы снархьуеит. Сарчмазаҩуеит. Арҭ амшқәа ааигәахо иаланалагалак сҭагылазаашьа ԥсыҽхоит", - иҳәеит Амҷба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0