Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәԥҳа илгәалалыршәеит раԥхьа зыхәра ҿалҳәаз аибашьҩи лареи еибырҳәаз

Ашәԥҳа аибашьра алагамҭаз: аҳауа иалан уажәымзар уажәы џьара хҭыс бааԥсык ишалагоз
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Надежда Ашәԥҳа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш аҽны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, афронт ахь ацара аибашьра иалагаанӡагьы лгәы ишҭалкхьаз.
Аиааира амш аҽны Надежда Ашәԥҳа Аԥсны дыҟаӡамызт, лара ланшьа иахь Урыстәылаҟа дцахьан, аибашьра шеилгаз атәы ахаҵара уадаҩын ҳәа лгәалалыршәоит лара.
"Аибашьра еилгеит ҳәа ансаҳа, аиҭаҳәара уадаҩуп иузцәырнаго ацәаныррақәа. Агәрагара, ахаҵара уадаҩхеит. Ашәҟәқәа сыҩуан - иаауамызт, аҭел сасуан - узасуамызт. Џьара, хара иҭаку сиҩызан. Жәабжь ҳәа акгьы саҳаӡомызт. Акызаҵәык, исгәалашәоит Кәыдры ацҳаҿы, аладатәии аҩадатәии афронтқәа анааиқәшәа, ҳаҷкәынцәа санаарылаԥш, уи Марина Барцыцԥҳа лҭыхымҭа акәын, агәра згеит шьҭа зегь шхыркәшахаз", - еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Надежда арадиоефир аҿы илгәалалыршәеит аибашьрахь лцара шыҟалаз, лҭаацәа рҟынӡа уи ажәабжь шналгаз, раԥхьа зыхәра ҽалҳәаз аибашьҩы дшылгәалашәоз.
"Ҭали Џьапуаԥҳа, сара, Цира Габниаԥҳа аҩадатәи Ешыра ацҳа ду аҿы ҳнанагеит. Ауаа рацәаҩын, уа гәдоуҭаа, дәрыԥшьаа, џьырхәаа ыҟан. Амза 28 рзы акәын. Амедиаҳәшьа ҳәа ҿырҭит аӡнырцә, уа Сосо Чачибаиа игәыԥ иман дтәан. Вова Начач, Баҭал Ачба, ахԥатәи аҷкәын дысгәалашәаӡом, ҳаицны ҳаҩны ҳандәықәла аҟәҟәаҳәа ацҳа еихсуеит, сара мҩабжара схы ларҟәны сышнеиуаз сҩаҵҟьеит ишеибарҳәҳәоз аҷкәынцәа. Сахьнеиз, Алик Қәҭарба ӷәӷәала дыхәны дышьҭан, Нугзар Чачибаиа дхәын, Зураб Малиа иҷкәын заҵәы ацаҟьа дахьаҿатәаз атанк иаунажьыз ахы аԥҽыха ишьапы ҿнахын убра иҩызцәа дрылатәан. "Ԥҳәыс дышԥаазго, исыццода сара сшьапы хҵәаны!" иҳәеит, сара: "уи аӡӷаб ллакҭа сҭарԥшы мап уцәызкуа" сҳәеит... Адырҩаҽны иԥсҭазаара далҵит… Баграт Малиа. Иоура наӡааӡа, илакҭа ҭыԥхаауа, генофонд ҳасабала џьара дҵәахны иуртәашаз дреиуан. Уан иласҳәои ҳәа иаб ибжьы зны-зынла слымҳа иҭаҩуеит. Раԥхьатәи сыхәцәа…", - еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0