Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Смыр аԥхынтәи атурсезон аҷыдаразы: аԥсшьаҩцәа ркатегориа ҳаракын

Смыр аԥхынтәи турсезон аҷыдаразы: аԥсшьаҩцәа ркатегориа ҳаракын
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц иҟоу аԥсшьарҭатә ҩны аԥшәма Витали Смыр арадио Sputnik аефир аҿы аԥхынтәи атурсезон аихшьалақәа ҟаиҵеит, ҭагалан азҿлымҳара ахьынӡамоугьы ҳаиҳәеит.
Маи хьшәашәан, иманшәалаӡамызт, аха егьырҭ амзақәа рзы ауаа ҟалеит, аԥсшьаҩцәа ркатегориагьы ҳаракын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Смыр.
"Ари ашықәсгьы егьырҭ изралеиԥшымыз убри ауп, кыр збахьоу, атәым ҳәынҭқаррақәа рахь ицахьоу иааны иҟан. Урҭ асервис бзиа иашьцылоуп, ҳтәыла анырба ашьҭахь, ара иԥшӡароуп, ҳаалоит ҳәа рҳәон. Аказы иашшуа ҳәа иҟаӡамызт. Иҭышәынтәалан асезон цеит. Ииунь инаркны сентиабр анҵәамҭанӡа 90%-95% иҭәын асасааирҭа. Уи даара иҳараку сезонуп ҳәа иԥхьаӡоуп", - иҳәеит Афонҿыцтәи асасаирҭақәа руак аиҳабы.
Ҭагалан иҟало атәы далацәажәауа Смыр иҳәеит атуризм аҿы акадифааамҭа иҭәны иҟало ҳәа ишыҟамлац, ашықәс ҿыц анааилак ауп аԥхын еиԥш 15 мшы раҟара ианҭәуа еиҭа асасааирҭа, егьыс ҭагалан ҳақәгәыӷуа ҳаҟам ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0