"Аҳәынҭмаҵзура" ала хатәгәаԥхарала еибашьуа рсиа рҽанырҵеит 70 нызқьҩык инареиҳаны

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийский университет спецназа в Гудермесе
Российский университет спецназа в Гудермесе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2022
Анапаҵаҩра
Апортал "Аҳәынҭмаҵзура" аҿы амҽышаҽны аусура иалагеит ҩ-маҵзурак-хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакрахь ааԥхьара азашшреи хатәгәаԥхарала аибашьра ацаразы асиа аҽанҵареи.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Апортал "Аҳәынҭмаҵзура" ала хатәгәаԥхарала еибашьуа рсиа рҽанырҵеит 70 нызқьҩык инареиҳаны, абри атәы иҳәеит УА аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко.
Ашәахьаҽны адырра ҟалеит апортал "Аҳәынҭмаҵзура" аҿы аусура ишалагаз ҩ-маҵзурак-хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакрахь ааԥхьара азашшреи хатәгәаԥхарала аибашьра ацаразы асиа аҽанҵареи.

"Актәи амаҵзура - хатәгәаԥхарала арратә операциа ҷыда алахәра зҭаххаз рзы еиҿкаауп. Иазгәасҭар сҭахәуп, аҽеизакра анрылаҳәаха ашьҭахь апортал аҿы 70 000-ҩык рҟынӡа азыҳәақәа ҟарҵеит. Уажәы азыҳәа ирлас аиҿкаара алшоит, уи азы "хатәгәаԥхарала еибашьҩыс аҟалара" абанер уақәыӷәӷәоит ма аҟәшахьы ацифратә бжьыцхырааҩ ала уиасуеит", - иҳәоит Чернышенко.

Иара иажәақәа рыла амаҵзура аԥсшьарамшқәа раан атесттә режим ҳасабла аусура иаларган, уи ахархәарала ҩ-нызқьҩык ашәҟәы рыҽҭаргалахьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0