Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Салаҟаиаԥҳа Урыстәыла иадлаз аҵакырақәа рзы: ҭоурыхла иара иатәуп

Аҭоурыхдырыҩ: Урыстәыла аҭоурых ҭуҵаауа уанагалак иубоит, ҿыц иадлаз аҵакырақәа - ишатәыз
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхдырҩы Альдона Салаҟаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Херсони Запорожеи аобластқәа Урыстәыла иахьахәҭакхаз аҭоурыхтә ҵакы шамоу.
Урыстәыла аҭоурых аҭҵаара уаналагалак, иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа еилыукаауеит, абас азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Салаҟаиаԥҳа.
"Асовет Еидгыла аан Украинахь ирыдыркылаз арҭ адгьылқәа, уаанӡа иаҵанакуан аурыс Империа. 17-тәи ашәышықәса инаркны арҭ адгьылқәа еимактәыс ирымоуп. Дара идикылеит аҳ Алексеи Богдани Хмельницки иҟаиҵаз аҳәарала. Ус ҟамлазҭгьы, иахьа Украина аҭоурых аҿы ианыҵхьазааран. Урыстәыла аҭагылазаашьа усҟангьы ицәгьан, аха дара еилыркаауан еизааигәоу ажәларқәа ирыдрымкылар шамуаз. Уи аамҭаз адгьылқәа зегьы шаны иҟан Польшеи Литвеи рыбжьара", - еиҭалҳәеит аҭоурыхдырҩы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0