Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аекономҿиара аминистрра аделегациа аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсныҟа иааит

© Foto / АпсныпрессДелегация Минэкономразвития России прибыла в Абхазию с рабочим визитом
Делегация Минэкономразвития России прибыла в Абхазию с рабочим визитом - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik.Урыстәыла аекономҿиара аминистрра аделегациа аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсныҟа иааит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, уи ихаҭыԥуаа Кристина Озгани Владимир Делбеи, Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахантәаҩы Ҭемыр Агрба. Иара убас аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аганқәа алацәажәеит:
Аинвестпрограмма анагӡаразы аусурақәа шцо,
Аԥсны Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара,
аенергетика азҵаарақәа,
абиуџьеттә усзуҩцәа хаз игоу хырхарҭақәак руалафахәы ашьҭыхразы ашәарацҵа амҩаԥгаразы.
Урыстәылатәи аделагациа иалоуп Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра программа ҷыдақәеи апроект ҷыдақәеи р-Департамент адиректор Витали Гудин, уи ихаҭыԥуаҩ Антон Мельник, аминистр ицхырааҩ Михаил Мухортов.
Ажәабжьқәа зегьы
0