Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟазара аныҳәа: ихыркәшахеит афестиваль "Нарҭиада"

© Sputnik Томас Тхайцук Закрытие фестиваля "Нартиада"
Закрытие фестиваля Нартиада - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2022
Анапаҵаҩра
"Нарҭиада" - ари Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысуа раԥхьатәи амультикультуратә фестивальуп. Апроект адгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амультикультуратә фестиваль"Нарҭиада" хыркәшахеит ахәаша, жьҭаара 7 рзы Аҟәа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иазгәеиҭеит афестиваль "Нарҭиада" ари аҿар рхы аарԥшра ахьрылшо аҭыԥ шакәу.
"Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәоуп Аҟәа имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа. Аҟәа ақалақь аусбарҭеи ақалақь ахада Беслан Ешбеи арҭ апроектқәа зегьы адгылара арҭоит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи, аманшәалареи, аинҭәылареи", - иҳәеит иара.
Арт-маҵзура "Полет" аԥшәма Ирина Бычкова илҳәеит арҭ ахәымш агәеизҳара ду шырнаҭаз.

"Ҳара урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа зегьы акы еицалаҳкааит - аиԥш зеиԥшу ҳанымиацызт, ҳара ҳашьҭахьҟа ҳхынҳәуеит адунеи азна ацәанырра ҳаманы", - лҳәеит лара.

Афестиваль аспонсор хада Галина Мурина илҳәеит Аԥсны инхо "Нарҭиада" рыбжьы ахьақәдыргаз ишгәахәароу.
"Ҳара иаабон ауаа шаҟа гәахәарыла иаҳҭаауаз, зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - лҳәеит лара.
Апроект ахылаԥшҩы Аҭана Агрба илҳәеит иахьа ишыхадоу аҟазара, акультура алацәажәара, афестиваль уи аҩыза аҭагылазаашьа шаԥнаҵо.
В музее Банка Абхазии открылась выставка в рамках фестиваля Нартиада  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рыскульпторцәа рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа
Афестиваль аиҿкааҩцәа "Нарҭиада" алахәылацәа зегьы адипломқәа ранаршьеит.
Алексеи Риттенберг иҳәеит асахьаҭыхыҩцәа афестиваль ахь ишааз, аҟазара шаҟа иҭбаау ддырбарц уи шрылшазгьы.
"Ҳара асахьаҭыхыҩцәа раҳасабала ҳамч зегь ақәаҳҵеит, сара сҟазаратә мҩа иҿыцу даҽа ҿыгҳарак аиуит", - иҳәеит иара.
Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Адамыр Ашәба иҳәеит аинтерес шаҵаз урыстәылатәи рколлегацәа аус рыцура.

"Сара сеигәырӷьоит ҳаибадырра, сасра сшәызнеиуеит, сагьақәгәыӷуеит изакәызаалак акы еицаԥаҳҵап ҳәа", - иҳәеит иара.

"Нарҭиада" - ари Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысуа раԥхьатәи амультикультуратә фестивальуп. "Нарҭиада" - ари ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, амоделиерцәа, аҟазара еиуеиԥшым ахырхарҭала аҭоурыхи атрадициақәеи иахьрылацәажәо ҭыԥуп.
© Sputnik Томас Тхайцук

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль - Sputnik Аҧсны
1/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

© Sputnik Томас Тхайцук

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль - Sputnik Аҧсны
2/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

© Sputnik Томас Тхайцук

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль - Sputnik Аҧсны
3/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

© Sputnik Томас Тхайцук

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль - Sputnik Аҧсны
4/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

© Sputnik Томас Тхайцук

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль - Sputnik Аҧсны
5/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

1/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

2/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

3/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

4/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

5/5

Ихыркәшоуп "Нарҭиада" афестиваль

Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 3-7 рзы еиуеиԥшым атыԥқәа рҿы ицәырган Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа: арт-инсталлиациа азҟаза Марусиа Борисова-Севастианова, аскульптор, адизаинер-флорист Светлана Евдокимова, атеатри акинои рсахьаҭыхыҩ, аԥхьахә "Ахьтәы сабрада" занашьоу Анастасиа Нефедова, асахьаҭыхыҩ Улиана Подкорытова, аграфик Алексеи Риттенберг, Урыстәыла авидеоарт ахыҵхырҭаҿ игылаз Ольга Тобрелутс.
Аԥсны ахьӡала русумҭақәа цәырган Адамыр Ашәба, Баҭал Џьапуа, Гиви Смыр, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Диана Хынҭәба, Илиа Ҵәыџьба, Давид Чкотуа. Афонҿыцтәи аҳаԥаҟны ицәырган Владимир Воуба Нарҭаа репос иазку иусумҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0