Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәымба: атәыла Аидгылатә ҳәынҭқарра иалаларазы, ашьапы иӷәӷәаны иқәгылазароуп

Гәымба: атәыла Аидгылатә ҳәынҭқарра иалаларазы, ашьапы иӷәӷәаны иқәгылазароуп
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхдырыҩ, ауаажәларратә усзуҩы Гәырам Гәымба арадио Sputnik аефир аҿы Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа рԥышәа хшыҩзышьҭрала иҭнаҵаауеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа Рмаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцеви иареи реиԥылара алкаа ҟаҵо.
Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара иаҳнаҭо иаҳнамҭо ада, иаҳҭаху иаҳҭахыму ҳалацәажәозароуп, иабанӡаҳԥырхагоу, иабанӡаҳзыбзиоу еилкаатәуп ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы аҵарауаҩ Гәырам Гәымба.
"Белоруссиа аганахьала иҟазароуп азхаҵара, Лукашенко иаара, ҳәарада, акырӡа зҵазкуа политикатә хҭысны иҟоуп. Уаҵәы ма уаҵәашьҭахь Аԥсны азханаҵап ҳәа ҳгәыӷуеит. Уаанӡатәи Асовет мчра иалаз аҳәынҭқаррақәа ҳардырыр, уи зегь реиҳа еиӷьуп ҳара ҳзы. Аидгылатә аҳәынҭқарра иалаларазы, иара аҳәынҭқарра ашьапы иӷәӷәаны иқәгылазароуп. Ашьаҭа ӷәӷәа амазароуп", - иҳәеит Гәымба.
Атәылақәа имҩаԥырго азакәанқәа реинаалашьазы, агармонизациа ҳәа изышьҭоу, аҩтәылак рзакәанқәа реиқәыршәараан аус наҟ-ааҟ ишеицутәу иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.
"Уареи егьи аҳәынҭқарреи агармонизациа аныҟауҵо, еиҿырԥшны ахԥатәи цәыругозароуп. Ҳареи Урыстәылеи уажәы агармонизациа ҟаҳҵоит, аха уи мҩак ауп иамоу, ҳзакәанқәа Урыстәыла азакәанқәа ирнааланы иҟаҳҵоит. Уи иашаӡам, азакәан аҳәынҭқарра изамоу, аҳәынҭқарра ахаҿра аанарԥшырц азоуп", - иҳәеит Гәымба.
Аҭоурыхдырыҩ иажәақәа рыла, Аидгылатә ҳәынҭқарра ҳалалаанӡа ҳаҩнуҵҟа ҳара ҳаидгылароуп, економикала, политикала, акультура шьаҭас иамоу еилҳаргароуп. Ҳаӷәӷәаӡаны ҳанықәгылалак ауп уахь ҳанцаша, уаанӡа уахь ацара алаӡҩароуп иаанаго иҳәеит Гәымба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0