Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрра: Урыстәыла АМ хыԥхьаӡара рацәала Украина аргыларақәа ааха рырҭоит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЮжный сектор специальной военной операции
Южный сектор специальной военной операции - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи АИХқәа ашәахьа адыррақәа ҟарҵеит Киеви Киевтәи аобласти, Харков, Одесса, Днепропетровск, Львови Львовтәи аобласти, Ивано-Франковск, Тернополь, Хмельницки, Конотоп, Ровенски Полтаватәи аобласти аракетатә ааха рыҭан ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа жьҭаара 11 рзы Украина арра анапхгараҭаратә ргыларақәеи аенергетикатә системеи икылкаан ихысуа абџьар ала аахақәа рыҭан ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Иахьа иацҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа ахара ихысуа абџьар ала Украина арра анапхгараҭаратә ргыларақәеи аенергетикатә системеи ааха рыҭара. Аракетатә жәылара ахықәкы нагӡоуп. Иазԥхьагәаҭаз ахыбрақәа зегьы ааха рыҭоуп", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 318 ҳаирплан, 160 вертолиот, 2195 аԥырҩы дызҭам аппарат, 379 зенит-ракетатә комплекс, 5639 танки акәылӡмашьынеи, 868 ареактив-систематә машьынақәа, 3465 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6483 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0