Путин иҳәеит агазмҩангагатә цәаҳәақәа "Северные потоки" рыҟны аԥжәарақәа хықәкыз ирымаз

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022
Президент РФ В. Путин принял участие в работе ПМЭФ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада арҭ аԥжәарақәа жәларбжьаратәи атерроризм иажәылароуп ҳәа иҳәеит.
АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. Владимир Путин агазмҩангагатә цәаҳәақәа "Северные потоки" рҟны аԥжәарақәа Европа аенергетикатә шәарҭадара аҵшәаароуп хықәкыс иамоу ҳәа иҳәеит "Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжьы" асессиа аилатәараҿы.

"Алогика цәгьацәыԥхамшьароуп. Агаз ахархәаҩцәа миллионҩыла ауаа ԥхаррада, лашарада иааныжьны, еиҳа ахәԥса ҳаракыла урҭ иаарымхәар ада ԥсыхәа рымамкәа аҭагылазаашьа рыҭара аҽакала ишԥазуҳәари", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.

"Северные потоки" рҟны адиверсиақәа мҩаԥыргеит Урыстәылеи Евроеидгылеи зынӡаск рыбӷьыцқәа ԥжәарц зҭахыз, иззеиӷьыз, Европа аполитикатә субиективра зҭахымыз, ааглыхратә лшара рԥсыҽны аџьармыкьа знапахьы иаазгарц зҭахыз.
Путин иҳәеит аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь Урыстәыла шынармышьҭуа. Иҟалоит агазмҩангагақәа реиҭашьақәыргылара алшозар, аха уи аекономикатә ҵаҵӷәы амазароуп, иагьшәарҭадазароуп.
Иара убасгьы иҳәеит аинтерес аҵаны иҟалар уи аганахь ала инеираны иҟаз агаз Амшын еиқәа арегион ахь анашьҭра шауа, Ҭырқәтәыла Европа зегьы азы "ихабны" иҟаҵаны.
Цәыббра 26 рзы атерактқәа мҩаԥысит Урыстәылантәи Европаҟа агаз назышьҭуаз "Северный поток", "Северный поток – 2" рҿы. Германиа, Даниа, Швециа ари диверсиазар ҟалоит ҳәа ахырҳәаауеит. Апрокуратура хада жәларбжьаратәи атерроризм иаумҭоуп ҳәа аусҭҵаара хацнаркит.
Ажәабжьқәа зегьы
0