Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар Украина аҟынтәи Кисловка ахы иақәиҭыртәит

© Sputnik РИА Военная российская техника на дороге в Мариуполе
Военная российская техника на дороге в Мариуполе - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2022
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла УАМ аруааи қьырала еибашьуеи шәҩык рҟынӡа ҭархоуп, ааха рыҭоуп атанкқәа ԥшьба, БМПқәа хԥа, ҭырқәтәылатәи акәылӡтранспартиорқәа "Кирпи" хԥа.
АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина архәҭақәа рҟынтәи Харковтәи аобласт аҿы иҟоу Кисловка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Активла ҳаруаа рхымҩаԥгара иалнаршеит украинатәи аруаа Кисловка иахцаны аԥхьатәи рпозициақәа рахь рыԥхьацара. Аԥхьатәи ацәаҳәаҿы урыстәылатәи аруаа рҭагылазаашьа еиҭашьақәыргылоуп". - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Украинатәи аротақәа хԥа ажәылара рҽазыршәеит аиланхарҭақәа Табаевка, Орлианка (Харковтәи аобласт), Куземовка (ЛЖәР) рҿы.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿ иаанкылахеит аӡиас Жеребец ирсны ижәылоз украинатәи аибашьцәа ԥхьаҟа рцара. Иҭархоуп амашьынақәа хԥа, акәылӡмашьынақәа ҩба, 60-ҩык аруаа.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы УАМ ажәыларақәа аԥырҟәҟәаауп. Иҭархоуп быжьҩык аруаа, акәылӡмашьына, Криворожтәи ахырхарҭаҿгьы аиланхарҭақәа Нововоскресенское, Великаиа Александровка, Суханово (Херсонтәи аобласт) украинаа рнапахь анагара аԥырҟәҟәаауп. Андреевтәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа УАМ ижәылоз аибашьцәа шьаҭахьҟа иԥхьарцеит.
Аусбарҭа адыррала, ааха рыҭоуп аӡиас Ингулец ихҵаз аӡырсырҭақәа, уи ала арезерв ԥхьаҟа рцара аанкылоуп. Уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә авиациалеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит Украина арбџьармчқәа рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа, артиллериатә ҟәшақәа 41, арратә техника, аибашьцәа.
Аминистрра иазгәанаҭоит "Правый сектор" амилаҭеилыхцәа рыштаб "Азов" амилаҭеилыхцәа реимадаратә ҭыԥ, қьырала аибашьцәа ргыларҭа ааха шрырҭаз. Николаев аҿы иԥжәан абылтәыҵәахырҭа, Николаевтәи аобласт аҿы - ЗРК "Бук М-1".
Николаевтәи аобласт аҿы икажьын украинтәи аҳаирплан Су-24, авертолот Ми-8. ПВО ахархәагақәа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба, РСЗО "HIMARS" ахгәыцәқәа 12.
Ажәабжьқәа зегьы
0