Чехиаҟа урыстәылаа ралалара азинҟамҵара шымҩаԥысуа атәы еилкаахеит

CC BY-SA 3.0 / ŠJů / Křižíkova street from the Negrelli ViaductУлица Křižíkova в Праге, Чехия
Улица Křižíkova в Праге, Чехия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаа жьҭаара 25 инаркны шенгентәи авизала Чехиа ралалараз рзин аанкылоуп.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Шенгентәи азона анҭыҵтәи аҳәааҟынтә Чехиа иалало урыстәылатәи атәылауаа излыҵыз атәылахь ихынҳәыроуп, ма аҽа тәылак ахь ицароуп аҳаирбаӷәаза аанмыжькәа, абри атәы аанацҳауеит Вестник АТОР.
Иазгәаҭоуп уажәы урыстәылаа Чехианӡа ишнеиуа Сҭампыли Белгради рҟынтә. Убри аан аекспертцәа ирҳәоит атурист ареис ахь днарышьҭыр шауа, аха аҳәаа дахырмыжьыр шыҟало.
"Жьҭаара 25 инаркны иаԥҵахо аԥҟарақәа рыла Шенген иаҵанамкуа атәылақәа рҟынтәи, иаҳҳәап, Сҭампылынтә Чехиаҟа инеиуа урыстәылаа Прагатәи ареис ахь инармышьҭыр ҟалоит. Апассаџьыр инамышьҭраан ихынҳәра ахәԥса авиаеилахәыра иашәоит", - рҳәеит АТОР аҿы.
Ассоциациаҿ ирҳәеит урыстәылатәи апассаџьырцәа рганахьала европатәи авиаеилахәырақәа рхатә политика мҩаԥыргалар шауа.
"Иҟан ахҭысқәа Ryanair урыстәылаа, ЕЕ атәылақәа рҟынтәи Финландиеи Балтикатәи атәылақәеи рахь рымҩангара мап анацәнакуаз. Жьҭаара 25 рышьҭахь Урыстәыла атәылауаҩ Ryanair ареис ала Франциантәи Чехиаҟа дыԥрыр илшо илымшо еилкаам", - рҳәеит АТОР аҿы.
Атуризм, аспорт, мамзаргьы акультура аганахьала урыстәылауаа шенгентәи авиза рымазаргьы жьҭаара 25 инаркны Чехиа ралалараз рзин аанкылоуп, абри азы аӡбра рыдыркылеит ареспублика аиҳабыра ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Чехиа адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Иан Липовски.
Ажәабжьқәа зегьы
0