Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Владимир Путин изку ашәҟәы аӡыргара мҩаԥган Аԥсны

© Sputnik / Томас Тхайцук Презентация книги "Путь Путина"
Презентация книги Путь Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҭоурых-политикатә нысымҩақәа равтор Рои Медведев иҿцәажәара шьаҭас иганы ашәҟәы "Путин имҩа" ("Путь Путина"-аред) иҩит апублицист, ажурналист, аиҭагаҩ Рафаель Гусеинов.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Владимир Путин изку ашәҟәы "Путин имҩа" ("Путь Путина"-аред) аӡыргара мҩаԥган аԥсуа драматә театр аҟны жьҭаара 14 рзы.
Аҭыжьырҭа "Вече" адиректор хада Леонид Палько иажәақәа рыла, ҳтәылаҟны ашәҟәы аӡыргара аидеиа изцәырҵит Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла аиҳабы Сергеи Степашин. Уи аԥхьа ашәҟәы ӡырган Москвеи Санкт-Петербурги.
Ашәҟәы аҟны ажурналист Рафаель Гусеинов асоветтәии урыстәылатәии апублицист, аҭоурых-политикатә нысымҩақәа равтор Рои Медведев Владимир Путин изку 10 зҵаарак ииҭоит. Аҭакқәа роуп ашәҟәы шьаҭас иаиуз.
Степашин иажәақәа рыла, акыр шықәса Владимир Путин аус ициуан. Ашәҟәы иаанырԥшуеит аполитик иҽеиҭакрақәа, идикыло аӡбамҭақәа зыхҟьо, мзызс ирымоу уеилныркаауеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Презентация книги "Путь Путина"
Презентация книги Путь Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2022
Презентация книги "Путь Путина"
"Ашәҟәы аҟны иаарԥшу ахҭысқәа 90% сара сыԥсҭазаара- Ленинград, аррамаҵзура санахысуаз, Путин иуалԥшьа анынаигӡоз, иуадаҩыз 90-тәи ашықәсақәа. Абарҭқәа рыла иубоит иажәа шажәоу, шьҭахьҟа дышхьамҵуа, ииҳәо шынаигӡо...Еиуеиԥшымкәа ирҳәоит ирыҩуеит, аха араҟа ишьахәны иаарԥшуп", - иҳәеит иара.
Иара убас ашәҟәы иагәылоуп уажәаԥхьа ицәыргамыз Урыстәыла ахада ифотосахьақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0