Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акультура аминистрреи Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгылеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Foto / Министерство культуры АбхазииКове и Палько подписывают меморандум о сотрудничестве
Кове и Палько подписывают меморандум о сотрудничестве - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ Леонид Пулькои аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

"Ҳусеицура еиҳа инарҭбаау алшара ҳнаҭоит Урыстәыла иҭрыжьуа ашәҟәқәа зегьы ҳтәылахь раагаразы", - иҳәеит Ақаҩба.

Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла ахада, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Сергеи Степашин иажәақәа рыла, Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла аҳәаанырцәтәи ахаҭарнакра раԥхьаӡа акәны Аԥсны ишаарту.
"Аԥсны аурыс бызшәа рхамшҭӡацт, аурыс шәҟәқәа гәыгәҭажьым, араҟа урысшәала иаԥхьоит ицәажәоит", - иҳәеит иара.
Степашин иҳәеит Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла ахьӡала Аԥсуа милаҭтә библиотека 2000 шәҟәы шаҭахо. Уи иабзоураны ахәыҷтәы шәҟәқәеи, аҭҵарадырратә усумҭақәеи, ароманқәеи, иахьатәи алитературеи рыла абиблиотека афонд харҭәаахоит.
Урыстәылатәи ашәҟәытә еидгыла аԥҵан 2001 шықәсазы. Иара иалоуп ашәҟәытә аусхк знапы алаку 1500 субиект.
Ажәабжьқәа зегьы
0