Ашьаус хацыркуп Еиск аҳаирплан Су-34 ахькаҳаз инамаданы

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения МЧС по тушению лесных пожаров
Учения МЧС по тушению лесных пожаров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.10.2022
Анапаҵаҩра
Су-34 ахькаҳаз аиланхарҭақәа рашҭаҿы аҳаирплан абылтәы амца акит.
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Абжьыццакыра еиҳау аҳаирплан-жәылаҩ Су-34 аҽазыҟаҵараан икаҳаит Аладатәи арратә округ арратә ҳаирбаӷәазаҟынтәи ишьҭыԥрааны аҳаракырахь ианхалоз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аҳаирплан каҳаит Еиск аҩнеихагылақәа руак ашҭаҿы, абылтәы амца акит. Аԥрыҩцәа аҭыԥара иахьӡеит.
"Иҭыԥаз аԥрыҩцәа ишырҳәаз ала, абылра ҟалеит аҳаирплан арныҟәагақәа руак амца ахьакыз аҟынтә. Иара ахькаҳаз аиланхарҭақәа рашҭаҿы аҳаирплан абылтәы амца акит", - рҳәеит атәылахьчара аминистрраҿы.
Иҟалаз ахҭыс инамаданы Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит. Арратә шьаусԥшааҩцәа иҟалаз зыхҟьаз ашьақәыргылара иаҿуп.
Аҳаирплан анкаҳа ашьҭахь амца акит жә-еихагылак змоу аҩны аихагылақәа акымкәа. Аҭыԥ ахь днеит Краснодартәи атәылаҿацәа агубернатор Вениамин Кондратиев. Иара иҟаиҵаз адыррала, аԥхасҭа роуит 17 уаҭах раҟара. Атәылаҿацәи араиони иртәу абылраҽацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа амца арцәара иаҿуп.
Аҩны анхацәа рзы ацхыраара аҭыԥқәа еиҿыркаауеит. Урыстәыла ахада Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит ԥырхага зауз зегьы иаҭаху ацхыраара рырҭарц.
АҶА аҿы ишазгәарҭо ала, аахақәа зауз ыҟоу-иҟаму аҭҵаара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0