Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апроректор Виктор Маланӡиа

© Sputnik / Томас ТхайцукВиктор Маландзия
Виктор Маландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.10.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Маланӡиа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауниверситет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа.

"Виктор Илиа-иԥа идбалаз акьыбачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Чхамалиа.

Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонатика Академиа лахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиа аҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла.
1991 шықәсазы абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ азы "Орнитофауна Абхазии и ее охрана" атемала адиссертациа ихьчеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.
Ажәабжьқәа зегьы
0