https://sputnik-abkhazia.info/20221019/asny-aparlament-ashakht-zakanara-aus-adularazy-ausut-gy-anaeit--1042147436.html
Аԥсны Апарламент ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит
Аԥсны Апарламент ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит
Sputnik Аҧсны
Агәыԥ хықәкыс иамоуп ашәахтәқәҵара аусхк аҟны азакәанқәа рыҩра, апроектқәа еиқәыршәаны 2023 шықәса хәажәкыра 1 рҟынӡа ицәырыргароуп. 19.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-19T21:10+0300
2022-10-19T21:10+0300
2022-10-19T21:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны жәлар реизара аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/1e/1036535038_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_53b1dee522502ca6323f669e8b303e74.jpg
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара ашәахтә усхк аҿы азакәанԥҵара аус адызулаша аусутә гәыԥ аԥнаҵеит.Агәыԥ иалоуп адепутатцәа, ахада иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Агәаҭаратә палата, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата русзуҩцәа, иара убас аҵарауаа-аекономистцәа.Агәыԥ ахантәаҩыс даиуит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.Иара иазгәеиҭеит ари аҩыза азакәан апроект иақәшаҳаҭхар, "зыӡбахә ҳәоу араионқәа ирықәырҵо ашәахтәқәа зыԥҵәак ала иҟалоит - уи ноль акәхоит, Аԥсныҟа атауарқәа ралагалараан иақәырҵо ашәахтә аламҵакәа". Маршьан ишиҳәаә ала, ашәахтә ԥсшьараамҭа иақәшәоит ҿыц иҭарҩыз анаплакқәа заҵәык, урҭ рсиа адокумент ианылоит."Азакәан апроект хықәкыс иамоуп анаплакцәа арҭ араионқәа рхарьџ аларҵарц азы агәаҳәара рызцәыргара", - иҳәеит адепутат.
https://sputnik-abkhazia.info/20221019/zhlar-reizara-ashausmagarat-zakaneidkyla-asakhraa-alanagaleit-1042134933.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/1e/1036535038_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_c0b3e7a2c30da68a55fcd5de1f7daeb9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны жәлар реизара аусура
ажәабжьқәа, аԥсны жәлар реизара аусура
Аԥсны Апарламент ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит
21:10 19.10.2022 (ирҿыцуп: 21:13 19.10.2022) Агәыԥ хықәкыс иамоуп ашәахтәқәҵара аусхк аҟны азакәанқәа рыҩра, апроектқәа еиқәыршәаны 2023 шықәса хәажәкыра 1 рҟынӡа ицәырыргароуп.
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара ашәахтә усхк аҿы азакәанԥҵара аус адызулаша аусутә гәыԥ аԥнаҵеит.
Агәыԥ иалоуп адепутатцәа, ахада иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Агәаҭаратә палата, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата русзуҩцәа, иара убас аҵарауаа-аекономистцәа.
Агәыԥ ахантәаҩыс даиуит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
Маршьан иажәақәа рыла, аусутә гәыԥ хықәкыс иамоуп Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҿы ашәахтәқәа ԥсшьараамҭа арежим алагаларазы азакәан аԥҵара, мрагыларатәи Аԥсны анаплакытә усура арҿиаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара, мрагыларатәии мраҭашәаратәии ахәҭақәа ҵакыра реицәыхарара армаҷра.
Иара иазгәеиҭеит ари аҩыза азакәан апроект иақәшаҳаҭхар, "зыӡбахә ҳәоу араионқәа ирықәырҵо ашәахтәқәа зыԥҵәак ала иҟалоит - уи ноль акәхоит, Аԥсныҟа атауарқәа ралагалараан иақәырҵо ашәахтә аламҵакәа". Маршьан ишиҳәаә ала, ашәахтә ԥсшьараамҭа иақәшәоит ҿыц иҭарҩыз анаплакқәа заҵәык, урҭ рсиа адокумент ианылоит.
"Азакәан апроект хықәкыс иамоуп анаплакцәа арҭ араионқәа рхарьџ аларҵарц азы агәаҳәара рызцәыргара", - иҳәеит адепутат.