Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра ҭагалантәи аромантикатә ԥсшьарҭақәа жәаба рсиа иахыԥхьаӡалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Анапаҵаҩра
Ареитинг шьақәыргылан жьҭаара-абҵара рзы атуристцәа иҟарҵахьо аҿаҵарақәа рышьаҭала.
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Гагра ҭагалантәи аромантикатә ԥсшьарҭақәа жәаба рсиа иаҵанакит ҳәа аанацҳауеит урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.
Зегь раасҭа аромантикатә цәа аҟәнуп ҳәа аныҟәаҩцәа иазырыԥхьаӡеит Шәача. Иара убас асиа иануп Санкт-Петербурги Москвеи.
Ҩыџьа реицныҟәаразы еиҳа иалыркааз ахырхарҭақәа жәаба:

Ақалақь

Уахыктәи аԥсшьара ахәԥса

Бжьаратәла аныҟәара аамҭа

Шәача

2403 нызқьмааҭ

6 у\ҽ

Санк-Петербург

2679 нызқьмааҭ

4 у\ҽ

Москва

3435 нызқьмааҭ

ҩаха

Казань

2561 нызқьмааҭ

3 у\ҽ

Кисловодск

2376 нызқьмааҭ

6 у\ҽ

Калининград

2177 нызқьмааҭ

4 у\ҽ

Гагра

2501 нызқьмааҭ

7 у\ҽ

Нижни Новгород

2665 нызқьмааҭ

ҩаха

Екатеринбург

2362 нызқьмааҭ

ҩаха

Минск

2997 нызқьмааҭ

4 у\ҽ

Аиҳараҩык Урыстәыла аҵакыра аҩныҵҟа аныҟәарақәа алырхуеит, аха иҟоуп аҳәаанырцәтә хырхарҭақәа - Гагреи Мински. Аԥснытәи акурорт иара убасгьы еиҳа аамҭа дула аԥсшьара ахьырҭаху ҭыԥны ишьоуп.
Асаит адыррақәа рыла 3-7 мшы аԥсшьараз аныҟәаҩцәа 2-3 нызқьмааҭ уахыки-ҽнаки рзы иршәалароуп. Реиҳа ахәқәа дууп Москва, аԥсшьара биуџьеттәуп- Калининград.
Ажәабжьқәа зегьы
0