Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Россотрудничество ажурналистцәа рыбжьара аицлабра "Взгляд 2022" аихшьаалақәа мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Россотрудничество в Абхазии подвело итоги конкурса среди журналистов "Взгляд 2022"
Россотрудничество в Абхазии подвело итоги конкурса среди журналистов Взгляд 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Анапаҵаҩра
Россотрудничество еиҿнакааз Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара раԥхьатәи аицлабра "Взгляд 2022" мҩаԥысуан нанҳәа 19 инаркны жьҭаара 10 рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 19– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра ажурналистцәа рыбжьара аицлабра "Взгляд 2022" аихшьаалақәа мҩаԥнагеит.

Иреиӷьу аинформациатә материал аноминациаҿ аиааира лгеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа Аԥсны иҟоу Донбасстәи ахҵәацәа ирызкыз аматериалқәа рцикл азы.

Иреиӷьу аналитикатә усумҭа ҳәа ишьоуп Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Гәыгәыца Ҩарданԥҳа лрепортаж Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа ирызкыз.
"Адебиут" аноминациаҿы зегьы дреиӷьхеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" акорреспондент Алықьса Шамба –Аурыс драматә театр аусура иазкыз аинтервиу азы.
Асахьаркыра-публицистикатә жанр аҿы иреиӷьу ҳәа иалкаан Sputnik автор Саида Жьиԥҳа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рветеранцәа ирызкыз ланҵамҭақәа рзы.
Россотрудничество - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Аԥсны
Россотрудничество аицлабра "Взгляд 2022" ахь арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара инахеит
Ажиури алахәылацәа иалыркааит Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Алика Ҭраԥшьԥҳа, Sputnik акорреспондент Бадри Есиава, ААУ астудентка Аелита Арутунова, афотоҭыхыҩ Леон Агрба, ажурналист қәыԥш Диана Кәакәасқьырԥҳа, Россотрудничество аусзуҩ Анжела Ақаҩԥҳа.
Аицлабра иалахәын 17-ҩык, ажиури ирыдгалан 22 усумҭа. Ажиури алахәыла, "Аԥсныпресс" аредактор Манана Гыргәлиаԥҳа агәыӷра аалырԥшит ҽааны аицлабра еиҳа аҽарҭбаап ҳәа.
"Даара сгәыӷуеит асеиԥш иҟоу апроектқәа ажурналистцәа реизҳара иацхраап ҳәа, ҳаргьы ԥхьаҟа иҳаҵагылаша алаҳкаап ҳәа", - лҳәеит Гәыргәлиаԥҳа.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит иахьатәи адунеиаҿтәи аҭагылазаашьа аан акраҵанакуаны ишыҟоу ажурналистцәа иобиективу аинформациа ауаа ианрызнарго ҳәа.
Аицлабра алахәылацәа видеоеимадарала дырнырит Сербиа иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак, арратә журналист, Аԥснытәи аибашьра иазкны иҩуаз Евгени Баранов.

"Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аманшәалара, апринцип амазаара. Шәара заҟа обиективла шәхы мҩаԥыжәго аҟара аизыҟазаашьақәагьы еиӷьхоит. Иахьатәи аамҭазы ажурналистика зхы адызҳәало ирылшо рацәоуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҳәеит урыстәылатәи ажурналистцәа рылшара шдуу аԥснытәи АИХқәа реизҳараҿы, рыҿиараҿы, аиҳаракгьы аибашьраан.
"Аибашьра аамҭазтәи аиашьара, аиҩызара ажәала акәымкәа аус аҿы – акраҵанакуаны иҟоуп", - иҳәеит иара.
Федотов иажәақәа рыла аусумҭақәа жәларбжьаратәи аицлабра "Честный взгляд – 2022" ахь инашьҭуп. Аицлабра мҩаԥгахоит Москва.
Ажәабжьқәа зегьы
0