Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гармелиа "Аҵыхәтәантәи ахәԥсазы": зымҽхак ҭбаау проектуп

Гармелиа "Аҵыхәтәантәи ахәԥсазы": зымҽхак ҭбаау проектуп
Анапаҵаҩра
Ихыркәшоуп "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" ҳәа акиностудиа "Ленфильм" Аԥсны имҩаԥнагоз аҭыхрақәа. Акиносахьа арежиссиор Наур Гармелиа арадио Sputnik аефир аҿы аҭыхрақәа рымҩасшьа аихшьаала ҟаиҵеит.
Акиносахьа "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аҭыхрақәа мҩаԥысуан 21 мшы. Асценарист, арежиссиор Наур Гармелиа иажәақәа рыла, афильм асиужет ҳаԥсҭазаара аҟынтә иаагоуп. Аҭыхрақәа рзы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааит ԥшьҩык актиорцәа, егьырҭ зегьы аҭыԥантәиқәа ракәын.
"Акастингқәа мҩаԥысуан Урыстәылеи Аԥсни. Хымз ирҭагӡаны имҩаԥаҳгеит, нас аҭыхрақәа ҳрылагеит. Ари раԥхьатәи ԥышәоуп ас еиԥш зымҽхак ҭбаау апроект аганахьала. Ԥыҭк ҵуан асценари ҩны ишьҭоижьҭеи. Аамҭа цацыԥхьаӡа уденихәаԥшышьа аҽеиҭанакуеит, аҿыцрақәагьы алугалоит аҭыхрақәа раан", - иҳәеит Гармелиа.
Аҭыхрақәа реиҿкаара аганахьала уадаҩра ҳмоуӡеит, агәыԥ зегьы рус ҭакԥхықәрала иазнеит, ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аԥсуа актиорцәа ԥышәа дук рымамзаргьы, аус рыцура агәахәара ду снаҭеит, рус азнеишьа даара иҳаракын", - ҳәа инаҵишьит Гармелиа.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0