Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" аҟны иаиааиз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Объявление победителей конкурса "Гордость Абхазии-2022"
Объявление  победителей конкурса Гордость Абхазии-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2022
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" афинал мҩаԥысит Аҟәа цәыббра 8 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 21- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" аҟны иаиааиз рыхьӡқәа рыларҳәеит Аԥсны ААР амедиа-центр аҿы жьҭаара 21 рзы.
Иаиааиз иреиуоуп: Руслана Гьергьедааԥҳа, Лев Буава, Валери Џьынџьал. Аусбарҭа аппарат анапхгаҩы Владимир Ачба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала алахәылацәа ҭабуп ҳәа раҳәо ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
"Аицлабра хра змоу социалтә платформаны ахы аанарԥшхьеит анапхгаҩцәа ҿарацәеи аҟазауаа ҿарацәеи адгылара рыҭаразы. Зегьы ԥхьаҟа ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит, шәзанааҭтә еиҵыҵра ҳашьклаԥшлоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аицлабратә комиссиа алахәыла, уаанӡатәи аԥыза-министр, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сократ Џьынџьал иазгәеиҭеит аицлабра ишаанарԥшыз аҟыбаҩ змоу аҿар.
"Аиҳабыратә абиԥара ашшуеит аҿар рзы, ргәы наӡом. Аха аусқәа ус акәым ишыҟоу. Сгәы иаанагоит иаиааиз рымацара ракәым иалахәыз зегьы аиааира ргеит ҳәа. Ари акраҵанакуеит" - иҳәеит иара.
Финал конкурса  Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2022
Аԥсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" афиналистцәа рыпроектқәа ӡырыргеит
Иаиааиз раԥхьаҟа урыстәылатәи иналукааша аҵараиурҭақәа рҿы рԥышәа еиздырҳалоит, арҵаратә курсқәа ирхыслоит. Аицлабра алахәылацәа зегьы аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" аҿы рхы аадырԥшыр рылшоит.
Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" хыркәшан цәыббра 8 рзы. Афиналистцәа жәаҩык- Баграт Ломиа, Алина Шамԥҳа, Валери Џьынџьал, Руслана Гергедаа, Лев Буава, Лиана Векуаԥҳа, Салима Ӡиӡариаԥҳа, Анна Голанӡиаԥҳа, Милана Шариаԥҳа, Анри Начҟьебиа, Инал Инапҳа аихшьаалатә комиссиа рҿаԥхьа рыпроектқәа ӡырыргеит, темақәас ишьҭырхит: аԥсуа бызшәа аиқәырхара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рцифракра, иуадаҩу аҭаацәаратә ҭагылазаашьа змоу ахәыҷқәа рзы аамҭалатәи акризистә центр аԥҵара, аҿартә политика аҿиаразы аконцепциа.
"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.
Эмма Гамисония - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2020
Арадио
Гамсаниаԥҳа аицлабра "Аԥсны агәадура" азы: амаҵураҿы зхы аазырԥшыша аҿар шыҟоу ҳнарбеит
Ҳтәылаҟны раԥхьаӡа аицлабра "Аԥсны агәадура" мҩаԥган 2020 шықәсазы. Усҟан аицлабра алахәхаразы 150 рзаҳал нашьҭын. Иалкаан хәҩык. Урҭ анаҩс Урыстәыла рҟазара ацҵареи рԥышәа аизырҳареи рзы алшара рыҭан. Анаҩс аусурҭа ҭыԥқәа роуит.
Аицлабра есышықәса амҩаԥгара шазԥхьагәаҭазгьы 2021 шықәсазы акоронавирус иахҟьаны имҩаԥгамызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0