https://sputnik-abkhazia.info/20221023/1042200437.html
Аҳардан инаркны акаҷыҷ аҟынӡа: Кәтол ақыҭан ажь шырҭаауа
Аҳардан инаркны акаҷыҷ аҟынӡа: Кәтол ақыҭан ажь шырҭаауа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аӡаахәаӡареи аҩыҟаҵареи ркультура аҭоурых ду амоуп. Ареспублика иқәынхо анхацәа реиҳараҩык ажьхкқәа акымкәа ирааӡоит, аҩгьы ҭарҭәоит. 23.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-23T16:00+0300
2022-10-23T16:00+0300
2022-10-23T16:34+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/17/1042200604_0:85:1618:995_1920x0_80_0_0_00087924cdeb90f8c79d30e677e62108.jpg
Аԥсны уажәааны ажьҭаара иаамҭоуп, ҳазҭоу амза ахьӡгьы уаантәи ауп ишаагоу. Sputnik Аԥсны аҭааит Кәҭол ақыҭан ахатәы ҩыҟаҵарҭахь. Азиндырҩы, Аҟәа иааӡаз Демур Какалиа быжьшықәса раԥхьа иабацәа рбаҳчаҿ аӡахәа еиҭеиҳаит. Ари аамҭа иалагӡаны гәырҿыӷьгас ишьҭикааз аус анаплак ду алҵит.Гектарк адгьыл иаҵанакыз аӡахәаҭраҿ иазҳауеит ԥшьнызқь шьапы инеиҳаны аӡахәа. Араҟа иҟоуп аԥсуа ажьхқәа аҷандаратәи аҳарданжьи акаҷыҷи рнаҩс америкатәи аҳардан ажьхкгьы. Ҳаԥхьаҟа Демур игәы иҭоуп аҭыԥантәи ажьхқәа рахь аиасра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/17/1042200604_89:0:1529:1080_1920x0_80_0_0_faaf3846a2dba9fa1d6e0cf6911e5397.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аҳардан инаркны акаҷыҷ аҟынӡа: Кәтол ақыҭан ажь шырҭаауа
16:00 23.10.2022 (ирҿыцуп: 16:34 23.10.2022) Аԥсны аӡаахәаӡареи аҩыҟаҵареи ркультура аҭоурых ду амоуп. Ареспублика иқәынхо анхацәа реиҳараҩык ажьхкқәа акымкәа ирааӡоит, аҩгьы ҭарҭәоит.
Аԥсны уажәааны ажьҭаара иаамҭоуп, ҳазҭоу амза ахьӡгьы уаантәи ауп ишаагоу. Sputnik Аԥсны аҭааит Кәҭол ақыҭан ахатәы ҩыҟаҵарҭахь. Азиндырҩы, Аҟәа иааӡаз Демур Какалиа быжьшықәса раԥхьа иабацәа рбаҳчаҿ аӡахәа еиҭеиҳаит. Ари аамҭа иалагӡаны гәырҿыӷьгас ишьҭикааз аус анаплак ду алҵит.
Гектарк адгьыл иаҵанакыз аӡахәаҭраҿ иазҳауеит ԥшьнызқь шьапы инеиҳаны аӡахәа. Араҟа иҟоуп аԥсуа ажьхқәа аҷандаратәи аҳарданжьи акаҷыҷи рнаҩс америкатәи аҳардан ажьхкгьы. Ҳаԥхьаҟа Демур игәы иҭоуп аҭыԥантәи ажьхқәа рахь аиасра.

Ахатәы ҩыҟаҵарҭа "Шато-Кәтол" ажьҭаара иаҿуп.

Аҩыҟаҵара - ари ҭаацәала рус ауп. Араҟа хәыҷи дуи зегь еивагыланы аус руеит.

Аҟәа иааӡаз азиндырҩы Демур Какалиа быжьшықәса раԥхьа аӡахәа еиҭеиҳаит.

Раԥхьа ус аамҭа алеихигарц далагеит, анаҩс анаплак ду ахь ииасит.

Гектарк иҟоу аӡахәаҭраҿ иазҳауеит ԥшьнызқь шьап инреиҳаны х-кык ажь.

Ажьҭаара аҭаацәа зегь еиднакылоит.

Ахәыҷқәагьы аԥсшьарамшқәа раан ақыҭахь иаауеит.

Ажь агәбылра ркит аҭаацәа зегьы иреиҳабцәоугьы.

71 шықәса зхыҵуа Виачислав Какалиа иԥа дивагылан ажь иҭаауеит.

Еизыргаз ажь аҩыҟаҵарҭахь ирышьҭуеит.

Аҩыҟаҵарҭа ахьыҟоугьы аҭаацәа зегь еидызкыло рабацәа рыхәшҭаара аҟны ауп.


Зжьыргәыцқәа уаркалеиуа ажь афымцатә хыга икылырхоит.

Аҩызла мышқәак аиаҳәаҟны ажьаӷь иаҵазаауеит, анаҩс иацхны ачанқәа ирҭарҭәоит.

Аамз рышьҭахь ауп аҩы абаҭлыкақәа ианҭарҭәо.