Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа "Аԥсныеихамҩа" аԥхынтәи аусуразы: арбагақәа акырӡа имаҷхеит

Ҟәыруа «Аԥсныеихамҩа» аԥхынтәи аусуразы: арбагақәа акырӡа имаҷхеит
Анапаҵаҩра
Ҭагалан аамҭазы Аԥсны аихамҩатә усбарҭа аусура атәы, избан аԥхын аамҭазтәи алҵшәақәа усҟак изҽеим, насгьы ацәаҳәақәа рҭагылазаашьа хылаԥшрас иамоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Сынтәа аԥхынразы ирацәаны ауадаҩрақәа ҳаман ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҟәыруа. Ааԥын, аԥхын ҳанҭало есымза 1500 нызқь вагон ааҳгозҭгьы, аԥхын акыр илаҟәит арҭ арбагақәа ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аԥхын еснагь апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иаҳа иацлоит, убри ауп изыхҟьогьы аидаратә дәыӷбақәа рааразы аиҵахара. Ҳаидара маҷымхар амуит, 70%-80% еиҳа имаҷны ииаҳгеит абжьааԥны аиҳа. Октиабр азы агәыӷра ҳамоуп аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа азыҳәақәа ыҟоуп. Ашықәс нҵәаанӡа 5 000 инареиҳаны вагон Аԥсныҟа иааратәы иҟоуп. Аҭагылазаашьа аҽаԥсхуеит. Аԥныҟа иаауаз апассаџьартә дәыӷбақәа ԥшьба рахьынтә хԥа аанкылоуп", - иҳәеит Ҟәыруа.
Иааҳго атауарқәа зегь реиҳа ирылыҳәҳәо иҟоу арацәоуп, 2000 вагон ааҳгозар, 1500 рацәоуп, егьыс абылтәы, афатә-ажәтә, абналыҵ иҳәеит "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада.
Ҟәыруа иазгәеиҭеит имҩанырго атауарқәа рҟынтә ироуа ахашәала иабзоураны анаҩс аихамҩаҿы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0