Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еиҳа иуадаҩу аамҭа: Гал араион аҿы аенергетикцәа аӡынра рыҽшазыҟарҵо

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩнуҵҟа Гал араион аҿы 18 трансформатор арҿеирақәа рзыруит, афымцатә цәаҳәаәқа хәҭа-хәҭала ирыԥсахит.
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Ҭагалан-аӡынтәи аамҭа аенергетикцәа рзы зегь раасҭа иуадаҩуп ҳәа "Гал ТВ" иазеиҭеиҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Гал араион афилиал анапхгаҩы Ниаз Џьгеренаиа.
"Ус шакәугьы аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп. Аҟәантәи иаагоуп атрансформаторқәа, ахәша, афымцатә цәаҳәақәа амашәыртә усурақәа рымҩаԥгаразы. Араион аҿы ацәаҳәақәа акыр иххаауп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ иазгәеиҭеит, аӡынраз аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҭахымхар ҟалоит ЕгрыГЕС агенерациа уадаҩра амоур.
"ЕгрыГЕС агенерациа ауадаҩрақәа амоур, ҳаззымиааиша уадаҩра ҟалом. Иҟоуп ҭаҵәахқәак, уи адагьы "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара аԥхынразы изызхәыцыз рацәоуп аӡын ҳазыхиазарц. Иааганы ишьҭоуп ашьаҟақәа, ацәаҳәақәа, ахәша", - ҳәа иҳәеит Џьгеренаиа.
Убри аан иара иҳәеит ииасыз аамҭақәа ирҿырԥшны акриптавалиута амаининг ауадаҩрақәа шхҽыз. Уи афымцацәаҳәақәа реидара маҷхоит.
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2022
Аԥсны
Абҵарамза анҵәамҭаз ЕгрыГЕС алшарақәа ԥкхар алшоит
"Галтәи араион еснагь арбагақәа бзиоуп, аԥареизгаралагь иалукаартә иҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа Гал араион аҿы 18 трансформатор арҽеирақәа рзыруит, афымцатә цәаҳәақәа хәҭа-хәҭала ирыԥсахит иҳәеит иара.
Ааигәа иҟаз амшцәгьақәа раан аҵлақәа жәпаџьара икаҳаит. Урҭ афымцацәаҳәақәа ахьԥырыҵәҵәаз ыҟоуп, ашьаҟақәа каҳаит, атрансформаторқәагьы аахақәа роуит. Џьгеренаиа иазгәеиҭеит абасеиԥш аан аенергетикцәа хымш рыла аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьа аҭыԥ ишықәырҵыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0