Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Герзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра алахәылацәа рсиа кьыԥхьуп

© Foto / из личного архива Хиблы ГерзмаваНародная артистка России, Народная артистка Абхазии Хибла Герзмава
Народная артистка России, Народная артистка Абхазии Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2022
Анапаҵаҩра
Хьыбла Герзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра мҩаԥысуеит ҩышықәса рахьынтәи знык. Сынтәа аицлабра партнер хаданы иқәгылоит К.С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Амузыкатә театр.
АҞӘА, жьҭаара 25- Sputnik. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи рыбжьара иаԥылҵаз раԥхьатәи жәларбжьаратәи аиндаҭлара иалахәхо рсиа кьыԥхьуп.

Аицлабра алахәылацәа ралԥшааразы аекспертцәа рхеилак ахәаԥшит адунеи 38 тәыла рҟынтәи авокалистцәа - 676 зыҳәа, аконцертмеистерцәа - 111 зыҳәа.

Раԥхьатәи алԥшааратә еихшьаалақәа рыла иааԥхьан 42-ҩы авокалистцәеи 16-ҩык аконцертмеистерцәеи.
Аицлабра рхы аладырхәоит Урыстәыла анаҩс Ҟазахсҭан, Китаи, Монголиа, Узбекисҭан, Бразилиа, Алада Африкатәи ареспублика, Беларусиа, Ермантәыла, Франциа, Германиа, Австриа рҟынтәи амузыкантцәа.
Авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи жәларбжьаратәи реиндаҭлара лаԥшьгамҭоуп Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә занашьоу Хьыбла Герзмааԥҳа.
Аиндаҭлараҿ аиааира зго, аԥаратә ҳамҭа анаҩсгьы алшара роуеит Хьыбла Герзмааԥҳа лгәыҳалалратә фонд еиҿнакаауа аконцертқәа рылахәхареи еицырдыруа аоператә сценақәа рахь рнеиреи. Авокалистцәа жәларбжьаратәи реиндаҭлара аексперттә жиури напхгара алҭоит Хьыбла Герзмааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0