Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габилаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҟны амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз рсиа шеиқәшәоу

Габилаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҟны амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз рсиа шеиқәшәоу
Анапаҵаҩра
Жҭаарамза 10 рзы Очамчыра араион иахьаҵанакуа амшцәгьа аԥхасҭа рзыннажьит ақыҭақәа жәпакы рынхацәа, иара убас ақалақьуаа. Аԥхасҭа зауз рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшоуп. Урҭ ацхыраара рыҭаразы лшарақәас изықәгәыӷуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаиа.
Иара иажәақәа рыла 150 арзаҳалқәа алаҵан амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз ҳәа, аха урҭ рҟынтәи иҟоуп акомиссиа асиахь ирыдрымкылазгьы, аӡы рацәак аԥхасҭа ҟанамҵеит ҳәа азгәаҭаны. Иахьазы арзаҳалқәа 111 аларҵахьеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0