Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз акомиссиа 150 рзаҳал рыдыркылеит

© Foto / МЧС РА Дерево перекрыло проезжую часть в районе Киндги
Дерево перекрыло проезжую часть в районе Киндги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 9-10 рзы Очамчыра араион иахьаҵанакуа амшцәгьа аԥхасҭа ннажьит: аҩнқәа аӡы рыҵалеит, ацҳақәа ҵнаӡәӡәааит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз акомиссиа 150 рзаҳал рыдыркылеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Иара иҳәеит акомиссиа алахәылацәа арзаҳал алазҵаз рынхарҭақәа ргәаҭара шымҩаԥырго. Иҟоу аԥхасҭа ахәшьара ҳазыԥшуп ҳәа иҳәеит Габелаиа.
Убри аан, Габелаиа иажәақәа рыла, зехьынџьара инеиԥынкыланы аӡы аԥхасҭа ду ҟанамҵеит. Иҟоуп ашҭақәа иахьрықәлаз, аха аҩнқәа иахьрыҩнамлаз.
Араион ахатәы мчқәа рыла аҭагылазаашьа азыԥсахуам, уи азы атәыла анапхгарахь азыҳәа нашьҭхоит ацхыраараз ҳәа иҳәеит Габелаиа.
"Макьаназ ауаа ацхыраара хықәкыла иахьынтәароуа ҳаздырам, аха аиҳабыра ҳадгылап ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ.
Жьҭаарамза 9-10 рзы Очамчыра араион иахьаҵанакуа амшцәгьа аԥхасҭа ннажьит: аҩнқәаа ӡы рыҵалеит, ацҳақәа ҵнаӡәӡәааит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0