Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Салаҟаиаԥҳа: Нестор Лакоба - Аҟәа аҭҵаарадырратә центрны аҟаҵара дашьҭан

Салаҟаиаԥҳа: Нестор Лакоба Аҟәа аҭҵаарадырратә центрны аҟаҵара дашьҭан
Анапаҵаҩра
Амаамынааӡарҭа аҭҵаарадырра-приматологиатә музеи аиҳабы Альдона Салаҟаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа 95 шықәса зхыҵуа Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аартра Нестор Лакоба ишибзоуроу, уи иамаз ахыԥша атәы далацәажәеит.
Апотимник аартраҿы амчра аазырԥшыз Нестор Лакоба иоуп, иара хаҭала дцоит Москваҟа, Аҟәа игылоу ашьха қьырала рыҭаразы ашәҟәы инапы аҵеиҩит, ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Салаҟаиаԥҳа.
"Уи аҵак ду аманы ҳәа иԥхьаӡон Лакоба. Иҟан иаҿагылаз, Аҟәа зҭахымыз. Нестор дазхәыцуан Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, Аҟәа - аҭҵааратә центрны иҟаларц иҭахын. Сталини иареи реибадырра ихы иархәаны уи илиршеит", - лҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Альдона Салаҟаиаԥҳа илҳәеит, апитомник ахь иааргаз раԥхьатәи амаамынқәа аҭыԥантәи аҳауа рынраалара шыуадаҩыз. Ааӡарҭаҿы аибашьра ҟалаанӡа 6000 цыра маамын ыҟан.
"Анаука алагалаҿы ҳџьабаа дууп. Иреиӷьу анаука усзуҩцәа ҳбазаҿы аԥышәарақәа мҩаԥыргон. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан раԥхьатәи асоветтә антибиотик аҟаҵаразы аусура еиҿкаан. Ачымазарақәа зегьы ҳцентр аҿы иҭырҵаауан. Аԥхьа игылан", - еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит иахьа ацентр аҿы имҩаԥысуа аусура атәы, уи аҿы злагала ыҟоу аҵараауа қәыԥшцәа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут 95 шықәса ахыҵраинамаданы еиҿкаауп аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи иалахәуп Урыстәыла, Украина, Узбекистан рҵарауаа.
Аконференциа жьҭаара 28 рҟынӡа имҩаԥысуеит. Аҵарауаа алацәажәалоит аексперименталтә ҭҵаарақәа, акосмостә медицина, ажәра афизиологиеи апатологиеи, агематологиа, аиммунологиа, авирусологиа, адиагностика аҿыцратә знеишьақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0