"Иҟалаша анузымдыруа аамҭа": Путин иқәгылараҟынтә ихадоу

© Sputnik / Павел Быркин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин принял участие в заседании Международного дискуссионного клуба "Валдай"
Президент РФ В. Путин принял участие в заседании Международного дискуссионного клуба Валдай - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2022
Анапаҵаҩра
Аимак-аиҿактә клуб "Валдай" есышықәсатәи аилатәара ихы алаирхәит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Владимир Путин иазгәеиҭеит мраҭашәаратәи адемократиа акризис еиҳа-еиҳа аҽшарҭбаауа, уи алҵшьас мҩаны иибо. Путин иқәгылараҟны иаликааз - Ренат Абдуллин РИА Новости азы иматериал аҿы.

Адунеитә кризис азы

Москва жьҭаара 24 - 27 рзы имҩаԥысуаз аконференциа адунеи еиҿкаара ҿыц аглобалтә проблемақәа ирызкын. "Агегемониа ашьҭахьтәи адунеи: зегь еицырзеиԥшу аиашареи ашәарҭадареи" — абасеиԥш аиҿкааҩцәа атема хада азгәарҭеит. Путин дықәгылаанӡагьы Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков имҩаԥысуа "ихадоу хҭысуп" ҳәа ахиҳәааит. Иара иажәақәа рыла, ахада иажәахә "иаԥхьатәуп, иҭҵаатәуп, еиҭаԥхьатәуп".
Ахада адунеитә ҭагылазаашьа азеиԥш хәшьара аҭарала ацәажәара далагеит. Иҳәеит Москва уаанӡа агәҽанҵара знаҭахьаз аҭагылазаашьала амҩаԥысра ишаҿу. Аибашьра амацара адагьы аекономикатә ҭагылазаашьагь шаҵанакуа.
"Мраҭашәара аҭагылазаашьа аибарххараз ашьаҿақәа ҟанаҵоит, дара еснагь ус ирҟазшьоуп", - иҳәеит ахада Украина, Таивань, амлакратә проблема уҳәа дрылацәажәо. Убри аан Мраҭашәара акзаара ыҟаӡам, ус зҽеидызкылаз тәылақәоуп, дара рыбжьарагьы аибырххарақәа рацәоуп.
Иҟоуп ҩ-мҩакы: адунеи зыҵазырҽылар ауа апроблемақәа реизакреи инеидтәаланы апроблема алацәажәареи.

"Мап ацәкра" акультура

"Сара харак сымаӡам ҳәа агәрагара шәарҭоуп" ҳәа иҳәеит Путин, мраҭашәаратәи аппонентцәа атәым культурақәа мап рцәыркырц иахьаҿу дазааҭгыло.

Уажәазы иарбанызаалак альтернативатә гәаанагарак пропагандоуп ҳәа ахырҳәаауеит, дара рҭахрақәа ҵнашәауааны иахәаԥшуеит. "Шәабанӡанеи, маҷк шәыхшыҩ аус ашәыруы", - иҳәеит урҭ рахь ихы нарханы Путин. Мраҭашәара аганахь ала иарбанызаалак Кремль акритика цәгьаршраны ирыдыркылоит.

Ахада урыстәылатәи ажәытәтәи ахәыцыҩцәа – Достоевски инаиркны Солженицын иҟынӡа ражәақәа ааигеит. Иара игәаанагарала, урҭ мраҭашәаратәи адемократиатә стандартқәа реилабгара шалшо атәы уаанӡа ирҳәахьан.
Ажәлар рымчра еиуеиԥшым аформақәа мап ацәыркуеит адемократиатә модель ала иԥсахуа. Ргәаанагарақәагьы мчыла иаҳхадырԥарц иаҿуп. "Ламысдарыла рхы мҩаԥыргоит" ҳәа иҳәеит Путин, 2014 шықәсазы Украина аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара рыҽшазыршәоз азы ахҳәаа рыҭо.

Мраҭашәареи Урыстәылеи реимак азы

Адемократиа иашаҵәҟьа — иарбанызаалак аҳәынҭқарра ахатәҿиашьа ҳәа иалнахыз амодель ҳаҭыр-пату ақәҵароуп ҳәа иҳәеит Путин. Мраҭашәара иарбанызаалак альтернативак ҟалар ҳәа ишәоит. Аха егьа ишәаргьы адунеи, аԥсҭазаара рҽырыԥсахуеит. Америкаа ракәзар адунеи зегьы хҭак еицҭадыршәуа еиларцалар рҭахуп, иргәамԥхо ажәларқәа ркультурақәа акгьы иаԥсам ҳәа рыхҳәаауа. Уаҳа хра злоу акы адгалара рылшоны избом.
"Итрадициатәи адоуҳатә беиарақәа апостулатқәа реизакыра акәӡам: ихадароу ажәларқәа дасу хаҭа-хаҭала пату зқәырҵо, изыхӡыӡаауа рбеиарақәа рыҳаҭыр балатәуп", - иҳәеит ахада Мраҭашәара иахьа аҳра зуа итрадициатәым адунеихәаԥшышьақәа дырзааҭгыло.
Урыстәыла ахаангьы мраҭашәаратәи атәылақәа ираӷамызт, иагьраӷам. Аха дара рхықәкқәа ҳнапала иҟарҵалар рҭахуп. Ирҭахуп ҳнапала аԥырӷы амца иалыргарц. Аҳәынҭқаррақәа жәпакы реиԥш ҳаргьы ари мап ацәаҳкуеит.
Убри аан "ҳара Мраҭашәара аԥыжәара ҵҟьаны Мрагылара, Аҩада, Алада аԥыжәара раҳҭарц ҳашьҭаӡам" иҳәеит Путин.

Аинтеграциаз

Иахьатәи аҭагылазаашьа уадаҩ алҵра алшоит тәылак мацара иадҳәалам афинанстә институтқәа раԥҵара мацарала. Адоллар адиктат ушьҭа ԥеиԥш амам, амилаҭтә валиутақәа рыла аилахәаахәҭрақәа еиҳа-еиҳа ирыцлоит, рҽырыԥсахуеит аинтеграциатә процессқәа.
Амчратә центр ҿыцқәа Мраҭашәара андаҭлара рыгәҭакӡам. Алҵшәақәа ҟалар алшоит аҽеидкылара амҩала. Уи азы мраҭашәаратәи атәылақәа изышьцылахьо – атәым ампыҵахалара, иаҟәыҵроуп. Урыстәыла акәзар егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы атехнологиатә ҿиара иацхраауеит, усеиԥш иахәҭаны иашьоит.
"Алибералтә глобализациа — хаҿыдатәразар, аинтеграциа — зегьы еицырзыфеидо астратегиа амҩаԥгароуп", — иҳәеит ахада. Иара иажәақәа рыла "ус акә егьыс акә адунеи уаҵә иҟалаша анузымдыруа аамҭа иҭагылоуп".

"Валдаи" ақәранаӡара

Путин "Валдаи" аилатәара далахәуп 2004-шықәса раахыс, аклуб анаԥҵаха инаркны. Актәи аконференциа мҩаԥган Велики Новгород аҿы, аӡиа Валдаи иацәыхарамкәа. Абрантәи ауп ахьӡгьы ахьаауа. Анаҩс Шәачаҟа ииаргеит. Сынтәа Москва имҩаԥыргеит. Аформат: адунеи зегь аҟынтә аҟазауаа сааҭла еиуиеԥшым атемақәа ирылацәажәуеит. Уажәтәи аилатәараан иқәгылеит 40 тәыла рҟынтәи 111 аполитикцәеи аусдырҩцәеи, мраҭашәаратәқәагьы налаҵаны. Аилатәара алахәылацәа реиҳараҩык Мрагылара Ааигәа, Азиа, Африка, ИАР атәылақәа рҟынтәи акәын.
Ахада ицәажәараҿы иаликааз реиҳарак уаанӡа зыӡбахә далацәажәақәоз иреиуоуп. Путин уаанӡагьы Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа мҽхакыла дырзааҭгылон, иҳәон Москва ахымҩаԥгашьа мраҭашәараа ииашаны еилыркаауам ҳәа. Убри аан иазгәеиҭон Урыстәыла еснагь иаартны рхы шымҩаԥыргоз, рпартниорцәа рыгәра шыргоз. Дара уи агәрагара ԥсыҽраны ирбеит – уи дара ирыгхоуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Ажәабжьқәа зегьы
0