Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Москва иаадыртит Фазиль Искандер Имемориалтә кабинет

© Foto / Московская абхазская диаспора Открытие мемориального кабинета Фазиля Искандер в Москве
Открытие мемориального кабинета Фазиля Искандер в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
Акабинет аадыртит Абиблиотека №36 аҿы. Иара аброуп иахьеиҿкаау ашәҟәыҩҩы ихьӡ зху Акультуратә центр.
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Москва Абиблиотека №36 аҿы иаадыртит Фазиль Искандер Имемориалтә кабинет. Абри атәы аанацҳауеит Москватәи аԥсуа диаспора рсаит.

Аҭааҩцәа рыблала ирбар рылшоит ашәҟәыҩҩы дызхатәаз астол, дызлакьыԥхьуаз амашьынка, 300 рҟынӡа ашәҟәқәа зҵазкуа ибиблиотека ахәҭак.

Жьҭаара 22 рзы, акабинет аартра амш аҽны арахь иааит москватәи алитературатә уаажәларра, Москватәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа, Искандер иҭаацәа, ирҿиамҭақәа бзиа избо.
Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны
Арҿиаратә хәылԥаз аҟны Искандер иажәабжьқәа ирыԥхьон, ирҿиамҭақәа ирылацәажәон, дыргәаладыршәон. Уи адагьы аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны Франциа иҭыхыз Елена Сурина лфильм "Амшын" аԥхьарбара мҩаԥган, уи ашәҟәыҩҩы заатәи иажәабжьқәа руак шьаҭас иаиуит.
Ажәабжьқәа зегьы
0