Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Украина артиллериатә шьақәгыла Panzerhaubitze-2000 ҭадырхеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенная подготовка мобилизованных в регионах России
Военная подготовка мобилизованных в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа икылкаан ихысуа абџьар ала Украина арратә напхгараҭареи аенергетикеи робиектқәа рықәхра мҩаԥыргоит.
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы УАМ аротатә тактикатә гәыԥқәа ԥшьба ааха рыҭоуп. Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 70-ҩык украинатәи аруаа, акәылӡмашьынақәа 5, 7 автомашьынак, германиатәи ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Panzerhaubitze-2000". Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Украинатәи аруаа ажәыларақәа рҽырзыршәеит Херсонтәи аобласт иатәу аиланхарҭақәа Пятихатка, Червоныи Иар, Ишьенка, Зеленыи Гаи рҿы.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ар ргәыԥи аҳәаанырцәынтәи қьырала еибашьуеи рротақәа ҩба ааха рыҭоуп. Иҭархоуп 110-ҩык украинатәи аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, апикапқәа ҩба, автомашьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ аруаа ажәылара мҩаԥыргеит, аха шьҭахьҟа иԥхьацан. Иҭархоуп 170-ҩык украинатәи аруаа, х-танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа жәба, акәылӡытранспортиорқәа хәба.
Донецктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар активла руснагӡатәқәа мҩаԥыргон. Ажәыларатә ҟәшақәеи артиллериеи иҭадырхеит 60-ҩык аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа ҩба. Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа УАМ анапхгараҭарҭақәа быжьба, 57 артиллериатә еиҵаҟәша, арратә техника, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥшьба ааха рырҭеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаха, рыԥырра еиԥдырҟьеит РСЗО "HIMARS", "Ольха" рыхгәыцәқәа, иара убасгьы арадиолокациаҿагыларатә ракетақәа "HARM".
Военная подготовка мобилизованных перед отправкой в войска - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла авиациеи артиллериеи украинатәи аибашьцәа рҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа еилаԥырххааит
Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 328 ҳаирплан, 167 вертолиот, 2 393 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 384 зенит-ракетатә комплекс, 6213 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 879 ареактив-систематә машьынақәа, 3 540 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 6 920 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0