Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ауал ззақәу амзыз атәы ҳәоуп

© Sputnik / Мария ДевахинаМонеты
Монеты - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" абиуџьет абиуџьетнҭыҵтә фондқәеи рҿаԥхьа 350 миллион мааҭ ауал ақәуп.
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" абиуџьети абиуџьетнҭыҵтә фондқәеи рҿаԥхьа ауал ақәзаара мзызны иамоуп ауааԥсыра рхы иадырхәаз афымцамч ахәԥса ахьырымшәо, абри атәы аанацҳауеит аекономика аминистр Кристина Озган лхатә даҟьаҟны.
"АУН ауал 350 миллион мааҭ иацуп. Ари аиҿкаара ахаҭа афинанстә рбагақәа иҵоурамкәа ирныруеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч", Аҳазалхартә еилакы, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра, абиуџьетнҭыҵтә фондқәа ахаҭарнакцәа.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла ажәалагалақәа аус рыдулан – хәҭа-хәҭала ауал ашәаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0