Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сақаниа Пицундатәи ауарӷан азы: адунеи ахыи-аҵыхәеи рҟынтә аҟазацәа аднаԥхьалеит

Сақаниа Пицундатәи ауарӷан азы: адунеи ахыи-аҵыхәеи рҟынтә аҟазацәа аднаԥхьалеит
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Пицундатәи ауахәама аҿы ауарӷан ақәыргылара иадҳәалоу ахҭысқәа ртәы, насгьы ажәытә ргылара ныррас иамоу атәы.
47 шықәса раԥхьа ари амш аҽны Пицундатәи ауахәамаҿы ишьақәыргылан ауарӷан.
Аԥсны ахьӡ-аԥша ауаа ирдыруа иҟалеит Пицунда ауахәамаҿы ауарӷан анықәыргылаха ашьҭахь, уи иадныԥхьалеит адунеи ахыи-аҵыхәеи рҟынтә аҟазацәа, иҳәеит Сақаниа арадиофеир аҿы.
"Пицунда акурорт аргылара ианалага, ауахәамаҿы акустика гәаҭаны, ауарӷан иара иақәшәо иҟарҵеит, уи даҽа ханк ианаалаӡом. Аханатә аконструкциа ааганы ианықәдыргыла, ауахәама аҩнуҵҟа ипашәӡа ишьыхны иҟан, ауарӷан абжьы андырга, иӡуа иалагеит, азыӡырҩцәа рҟынӡа абжьы неиӡомызт. Анаҩс, аспециалистцәа адыԥхьалан иазыӡбан, ашьых амхра. Иахьагьы иубар алшоит ҩ-метрак рҟынӡа ашьаҟақәеи аҭӡамцқәеи рҿы ажәытә қьырмыт шаарԥшу", - еиҭеиҳәеит Сақаниа.
Аҟаза иара убасгьы еиҭеиҳәеит ауарӷан ауахәама ахаҭа ишаныруеи, уи иабзоураны ҳтәыла ауарӷанарҳәаҩцәа шаиузи ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0