Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиубилеи иазку аконференциа

© Sputnik / Томас Тхайцук Научная конференция аспирантов и молодых ученых в Академии наук Абхазии
Научная конференция аспирантов и молодых ученых в Академии наук Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25-шықәса ахыҵра иазкны аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рконференциа мҩаԥысуеит Аҟәа абҵара 2-3 рзы.
АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25-шықәса ахыҵра иазкны аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рконференциа аатит Аҟәа абҵара 2 рзы.
Аконференциа аартуа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иҳәеит, иара изы ауснагӡатә иахәҭа хаданы ишыҟоу аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рықәгыларақәеи русумҭақәа рӡыргареи.
"Агәахәара унаҭоит ҳакадемиа иақәлацәоу ахьшәакәу, шәа шәоуп уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы иану. Аха уи азы шәҟазауаа бзианы шәҟалароуп, ҳаамҭазтәи аҵарадырра аҩаӡарақәа шәрызнеироуп, иахьатәи аҭҵаарадырра аҿиара астратегиа бзианы ижәдыруазароуп. Ижәдыруеит ҳара акадрқәа разыҟаҵара азхьаԥшра ӷәӷәа шаҳҭо. Уи азы еиуеиԥшым аформақәеи азнеишьақәеи ҳаԥшаалоит", - иҳәеит иара.
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи аус шеиҿкаау иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи аус шеиҿкаау иазкны
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Бебиа иазгәеиҭеит аҭҵаарадырратә конференциа аҵарауаа ҿарацәа рзы ишԥышәа бзиоу, иара алахәылацәа русумҭақәа хаз иго аизгаҿы ишкьыԥхьхо.
"Аҭҵаарадырра аинтерес ахьшәымоу гәахәароуп. Шәара зегьы уи шәеиднакылоит. Аҭҵаарадырра абзиабара шәымамзар, шәзанааҭ шәҭахымзар, ишәцәыцәгьахоит. Аҭҵаарадырра машәырла анадыххылара бзиа иабаӡом. Уи уԥсҭазаара иахәҭакзароуп", - иҳәеит иара.
ААР аиубилеитә конференциа асасцәа дреиуоуп УАР сибратәи аҟәша ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афизико-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Сверчков.
Иара иҳәеит УАР сибратәи аҟәшаҿы ишҭырҵаауа аиадертә медицина, иԥсабаратәым аинтеллект, агентә инџьенериа, аинформатика, ақыҭанхамҩа. Иара иажәақәа рыла иазгәаҭоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи УАР сибратәи аҟәшеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
"Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит аусеицура аҿиара, аҿар амҩа рзалхра, аԥышәа аимдара, аконференциақәа рылахәра, апрограммақәеи апроектқәеи реицымҩаԥгара", - иҳәеит иара.
Аҭҵаарадырратә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргахоит аусумҭақәа агуманитартә, асоциалтә, афизико-математикатә, амедико-биологиатә ҭҵаарадыррақәа русхк ала. Зынӡа ажәахәқәа 38 ҟаҵахоит.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵан 1997 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0