Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгьиа аԥсуааи абџьари реидҳәалашьа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгьиа аԥсуааи абџьари реидҳәалашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Ажәытә аԥсуа еибашьцәа ирыдҳәалоу аинтерес зҵоу афактқәа еизгоуп аԥсуа ҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Џьамбул Инџьгиа иазирхиаз аҭҵааратә усумҭаҿы. Арадио Sputnik аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит аԥсуаа рзы абџьар ҵакыс иамоу.
Аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 25-шықәса ахыҵра аиубилеи иазку рконференциа мҩаԥысуеит Аԥсны абҵара 2-3 рзы.
XVIII – XIX ашықәсқәа рзы аԥсуа еибашьцәа рызҵааразы ҳәа хьӡыс иаҭаны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра инамаданы иазырхиоуп ажәахә. Уи авторс дамоуп аԥсуа ҭҵааратә инсититут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Џьамбул Инџьгиа.
Арадиоефир аҿы иара еиҭеиҳәеит жәытә-натә аахыс аԥсуаа аибашьра аус ишазҟаз, уи атәы зҳәо аҭоурхытә хыҵхырҭақәагьы шмаҷым. Ҿырԥштәысгьы иааигеит афактқәа. Убри аан иара иазгәаиҭеит ари атема ишахәҭоу ишҭҵаам, ахыҵхырҭақәа шырацәамгьы аусумҭа азырхиара илиршеит.
Инџьгьиа иара убасгьы иҳәеит, аԥсуаа абџьар аныҟәгара азин анрымамыз, ахара зду жәлары ҳәа ианыԥхьаӡаз, уи рыхдырра ишаныԥшыз атәы шыҭҵаам. Ажәытә аахыс абџьар ныҟәызгоз, 30 шықәса ирымхын, уи ашьҭа ду аннаҵеит ажәлар рҿы ҳәа агәаанагара имоуп аҭоурыхҭҵааҩ, убри аан иазгәеиҭеит ус еиԥш иҭуҵааша афеноменқәа шмаҷым.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0