Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

50-ҩык Аԥснытәи абитуриентцәа Афинанстә университет аолимпиада иахысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Олимпиада для школьников в рамках межвузовской выставки
Олимпиада для школьников в рамках межвузовской выставки - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Анапаҵаҩра
Аолимпиадатә еихшьаалақәа рыла иаиааиз хәыда-ԥсада Афинанстә университет аҿы аҵара рҵалар рылшоит.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 50-ҩык Аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет аолимпиада иахысит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.
Аԥышәарақәа мҩаԥысуан Аҟәа абҵара 2 рзы. Аолимпиада еиуеиԥшым амаҭәарқәа рзы атестқәа рыла ишьақәгылан. Дасу урҭ рахьынтәи ҩба аиҭар акәын.
Ихымԥадатәины иҟан аурыс бызшәа амаҭәар. Аҩбатәи амаҭәар иалырхуаз азанааҭ иадҳәалан. Зынӡа абитуриентцәа ирыдгалан 10 хырхарҭак - IT-технологиақәа, аҳәынҭқарра-амуниципалтә напхгара, атехникатә хырхарҭа реиԥш иҟақәаз.
Павлов иажәақәа рыла аолимпиада алкаақәа макьана еилкаам.
“Аҵараиурҭа ахаҭарнакцәа атестқәа ауниверситет аԥышәаратә комиссиа ирзыргоит. Урҭ уа игәаҭахоит. Аолимпиада иалахәыз зегьы рҭакқәа аҭел ма апочтахь ирзаарышьҭуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Межвузовская Образовательная выставка - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2022
Аԥсны
Аҟәа иаатит аҵараусҳәарҭақәа рыбжьара раԥхьатәи ацәыргақәҵа
Аолимпиадатә еихшьаалақәа рыла иаиааиз хәыда-ԥсада Афинанстә университет аҿы аҵара рылшоит. Аԥхьахәқәа ирыԥсахаз – аҵараиурҭа аҭалараан 50 % рҵара ахәԥсашәара ирзагдырхоит.
Россотрудничество ахаҭарнак ишиҳәаз ала иаиааиуа алххоит хырхарҭа-цыԥхьаӡа. Аха ари аҵараиурҭа студентс аҟалараз егьырҭ алахәылацәа балла раԥгара адагьы иақәнагоу адырра аадырԥшыроуп.
Аҟәа аолимпиада изалахәымхаз ирылшоит абри азхьарԥш ала ашәҟәы рыҽҭагалан онлаин-алкаара рҽаладырхәырц. Ахәҭа хада мҩаԥгахоит Москва, латәарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0