Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2022
Анапаҵаҩра
Есышықәса Урыстәыла Жәлар ракзаара амш азгәарҭоит абҵара 4 рзы.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ари амш Аԥсадгьыл абзиабара символра азнауеит, милаҭла еиуеиԥшым ажәлар ракзаара иазҳәоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит иахьа Урыстәыла ашәарҭара аамҭеи аԥышәара уадаҩи ирҭагылоуп. Урыстәыла амилаҭ рацәа реидгылареи ракзаареи урыстәылатәи ар мчқәа ргәы ашьҭыхра алдыршоит, атәыла анапхгара урҭ рҿаҧхьа иқәдыргыло Украина имҩаԥысуа арратә аоперациа ҷыда ахықәкы анагӡараҟны.
Иара убасгьы адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хаданы иҟан ус иагьыҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, арегионалтә шәарҭадареи, ҳажәларқәа рыбжьара акультуратәи агуманитартәи еимадарақәа рырҭбаара азҵаарақәа рыҟны иҟаиҵо азҿлымҳаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0